Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ажәабжьқәа

Ааигәа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахыбраҿ имҩаҧысит атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Ҳаџьараҭ-иҧа Чамагәуа ишәҟәы – аҧсышәала ирцәажәаз аматематика аӡыргара. Ашәҟәаҿы иарбоуп алгебра 5-тәи 9-тәи аклассқәа рпрограмма иаҵанакуа.

Аӡыргара иалахәыз аҵарауаа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо дықәгылеит абиблиотека аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Амра Агрба. Уи иааркьаҿны дазааҭгылеит аҵарауаҩ инысымҩа.

Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә Дума аҩаша, жәабранмза 7 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы аҳазалхыҩцәа рџьашықәс аҩганктәи азхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азнауит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинформациатә маҵзура ТАСС.

Аашәыршақә иҟамлеит 1919 шықәсазы, раҧхьаӡатәи аҧсуа милаҭтә газеҭ «Аҧсны» аҭыҵра. Уи амш жәабран 27 инақәыршәаны, Аҧсуа кьыҧхь иамшны, ҳтәылаҿы иазгәарҭоит.

Ари арыцхә инамаданы, ҳара ҳиҿцәажәеит аҧсуа кьыҧхь даара иазҿлымҳау, аҧсышәала иҭыҵуа агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ашәҟәқәеи бжьамыжькәан еидызкыло, ирыҧхьо, ҷыдала, акыршықәсқәа раахыс агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны» номерцыҧхьаӡа зхазы еидызкыло, иазҿлымҳау, иаҧхьо, игәцаразкуа, даара ҳаҭырлагьы иазыҟоу Ауаажәларратә хеидкыла «Аҧшьаҭыҧ» аныҳәаҩ хада Борис Қәҭалиа.

«Агазеҭ «Аҧсны» аҟны акьыҧхьҩы даҭахуп ҳәа алаҳәара саҧхьеит автобус аҟны. Сара усҟан акьыҧхьразы Тҟәарчал ақалақь аҟны акурсқәа сырхысхьан». Абас ҳаиҿцәажәара хацлыркит агазеҭ «Аҧсны» аҟны абар уажәшьҭа 50 шықәса инар­зынаҧшуа кьыҧхьҩыс аус зуа Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аҧша» ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Ҭина Никәала-иҧҳа Аҳаш-ҧҳа.

Аҧсабара инаҭаз абаҩхатәра, ихы-иҧсы еиҳа бзиа иибоз иҧсадгьыл Аҧсны иалаҵәеит. Ипоезиатә дацқәа рҧашә ҳадгьыл аҟны аҽеиҵнахит. Ашьха ду акьацәра ихәнеит. Ҳажәлар амилаҭ-политикатә еибарххарақәа рҿы азҵаара дуқәа ахьцәырыргоз, 17  шықәса анихыҵуаз инаркны иалагылаз, иагәыцә хаданы иҟаз, апатриот, Аҧсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр 1950 ш. ажьырныҳәа 13  рзы Аацы ақыҭан диит. Иахьа дыҟазҭгьы иаҧсуара, иуаҩра, ихаҭара дуӡӡан. Ус иҳәалон: – Дарбан уаҩызаалак ихы шьҭыхны дныҟәаразы, иҭаацәа ихшаз зегьы ҿырҧшыгазароуп, ааӡаҩ ажәлар рҿаҧхьа ҽҧныҳәа имоуа дынхозароуп. Ихәы даҭәҳәаны ифозароуп».

Ирҳәоит доусы даниуа – еҵәак-еҵәак рыциуеит ҳәа. Уи анкыдшәо, ианҿыцәаауа аӡәгьы издырӡом, аҧсабара ус ишоуп. Адунеи ааршазар аахыс, ажәҩан еҵәақәа, ҽынла иаҳамбо, рыгәҭа ижжаӡа икыдуп аҧсшәа аеҵәахә. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, дгьылаҵыхәан иҟоу, «алахьынҵа» зшо уи кыдшәараны иҟоуп, амилаҭ рмаҷра, дара уи ишазыҟоу, рхы иахьынӡадырхәо «ҭҵааны». Уазымхәыцыр ауам!

Аҧсшәа аеҵәахә жәҩан икыдын, аха аҧсуа жәа адгьыл аҿы гараҟәҟәала иҿаҳәаны игаран, иаҭахын ахәыҷы ҧшқа иеиҧш, игарҵны ашьаҿақәа еихго аҧсҭазаара иналагыларц.

Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа усуратә визитла Беларус даҭааит жәабранмза 20, ашәахьа. Аҩаша, жәабранмза 21 рзы Минск ақалақь, Ахьыԥшымра Ахан аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Беларусиа Ахада Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысит. Иара убас, аиԥылара далахәын  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Аҧсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы, Аҧсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иҧа Гәлиа имшира аҽны – февраль 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны инышә дахьамадоу игылоу ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан.

Аестрадатә шәаҳәаҩы, Аҧсны жәлар рартист, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Лиудмила Гәымба ахәаҧшцәа дырдыруеижьҭеи шьарда ҵуеит. Мшаҽнеиҧш, ишьҭылкааз аҟазара абзиабара лыцуп.

Адәыӷбааҭгыларҭа «Аӡҩыбжьа» аҿы аихамҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа хыркәшахеит.

Аԥсныпресс. Каир ихыркәшахеит «Арабтәи Ареспублика Египет Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа Амшқәа». Иарбаз аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит VI Евразиатәи алитературатә фестиваль «ЛиФФт-2023». Афестиваль «ЛиФФт» адунеи аҿы аԥсҭазаара аиқәырхара ахьӡала акультуреи апатуеиқәҵареи аҭынчрабзиабареи, амилаҭрацәа реимабзиареи, аилибакаареи иазку амодель ҿыц аԥҵара иадгыло ашәҟәыҩҩцәеи аԥхьаҩцәеи рдиалог ашьақәгылареи адунеи алитераторцәа рырҿиаратә усеицуреи рзы иаарту ҭыԥны иҟоуп.

Атематикатә литературатә конкурс рхы аладырхәит 52 тәыла – Евразиа, Африка, Лаҭынтәи Америка, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Израиль, Австралиа рҟынтәи авторцәа. Жәаа делегациа рлите­раторцәа Каир иҟан.

«Гәахәара дула иазгәасҭарц сҭахуп зыхьӡ нагоу алитературатә усмҩаԥгатәқәа ишрылахәхаз аԥсуа шәҟәы­ҩҩцәагьы. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала иарбоу аусмҩаԥгатә аҿы ицәыргахеит Енвер Ажьиба, Вахтанг Аԥҳазоу, Владимир Делба, Владимир Занҭариа, Анатоли Лагәлаа, Даур Наҷҟьебиа», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит афорум хаҭала зхы алазырхәыз, Аԥсны ашәҟәы­ҩҩцәа Рассо­циациа амаӡаныҟәгаҩ Владимир Делба. Афестивальтә усмҩаԥгатәқәа рыхәҭак Жәларбжьаратәи каиртәи ашәҟәытә иармарка астендқәа рҿы имҩаԥысуан. Араҟа ицәыргақәҵахеит Аԥснытәи авторцәа рышәҟәқәагьы. Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа астенд аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра асимволика ашьақәыргылара азин ҟарҵеит. Аԥснытәи алитераторцәа активла афестивальқәа «ЛиФФт» рылахәхара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәаҭан Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа анап­хгараҭара ахаҭа­рнакцәа рықәгыларақәа рҿы, ахәҭакахьала, афестиваль адиректор – Маргарита Аль лықәгылараҿы.   Аусмҩаԥгатә аихшьаалақәа рыла, Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа зегьы алахәылацәа рсертификатқәа роуеит, урҭ рахьынтә хҩык – Владимир Занҭариа, Владимир Делба, Даур Наҷҟьебиа «Евразиатәи алитературатә ҵакыра аҿы жәларбжьаратәи аимадара аҿиараҿы рлагала ду азы» Евразиатәи ажәларқәа Рассамблеиа амаӡаныҟәгаҩ Хада – Андреи Белианинов инапы зҵаиҩыз аџьшьаратә шәҟәқәа ранашьахеит. «Угәы иамыхәар алшом аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аԥснытәи алитераторцәа злахәу жәларбжьаратәи алитературатә усмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡареи рыҩаӡареи иахьацло.

Иналукааша алингвист, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет апрофессор Џьорџь Хьиуитт И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иеиҭеит зеиуа маҷу ҩ-томкны иҟоу, англыз бызшәала иҩу Дуглас Фрешфилд ишәҟәы «Кавказ аҭҵаара».

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me