Лаҵара 11, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Жәлар Реизара аҟны

Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амш аусхәаҧштә аҟны иқәгылан 17 зҵаара. Урҭ рахьынтә 5 зҵаарак аанкылан, анаҩстәи аилатәараҿы азыхынҳәразы.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьарала ирыдыркылеит азакәанапроект «Афинанстә қьыра (лизинг) азы». Иара убасгьы Аҧсны атуристтә усхк азы азҵаара актәи аҧхьарала  ирыдыркылеит. Уи инақәыршәаны абжьаратәи мамзаргьы иреиҳауи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аекскурсиақәа рымҩаҧгара азин рымоуп.­

Жәлар Реизара адепутатцәа аиҭакрақәа алагаланы актәи аҧхьарала ирыдыркылеит ақәҵара Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы. Уи инақәыршәаны Амилаҭтә банк ахантәаҩыс дҟаларц алшоит Аҧсны атәылауаҩ. Иара убасгьы  аекономика аганахь ала иреиҳау аҵараиурҭа далгахьазар ауп. Анаҩсан уи аҧышәа имазар ауп абанк аусураҿы, мамзаргьы абанктә аудит аиҿкааразы 3 шықәса иреиҵамкәа. Аҳәынҭқарра Ахада, уи ихаҭыҧуаҩ, Аҧыза-министр, Жәлар Реизара Аиҳабы Амилаҭтә банк анапхгаҩы дрыуазар ауам.

Аҧсны Ахада Иусбарҭа аҟынтәи Жәлар Реизара ашҟа инашьҭыз амҩатә ныҟәараан административтә зинеилагарқәа рзы аҭакҧхықәра арҕәҕәара иадҳәалоу азакәанҧҵаратә актқәа аиҭакрақәа рылагалан. Арыжәтә џьбара ыжәны аҧсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа уажәшьҭарнахыс ари азакәан инақәыршәаны 30 нызқь мааҭ ахараҧса ршәалоит. Уи анаҩсангьы, амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭга рымххоит шықәсыбжак. Ари азакәанапроект актәи аҧхьараан иарбан ахараҧса  48 нызқь мааҭ. Аха, Жәлар Реизара адепутатцәа ирызцәырҵыз акыр агәаанагарақәа ҳасаб рзуны, ахараҧса еиҵатәын. Ари азҵаара алацәажәараан ргәаанагарақәа рҳәеит аӡәымкәаҩыџьамкәа адепутатцәа.

Жәлар Реизара адепутат Беслан Емрыхәба иазгәеиҭеит ари азҵаара Аҧсны аҩнуҵҟа даараӡа ихадоу зҵаараны дшахәаҧшуа. Уи иҳәеит арыжәтә џьбара ыжәны амашьына аҧсҟы зкуа рхарала иҭахо даараӡа ишырацәаҩу. «Еиҳараӡакгьы ҳамҩақәа рҟны иҭахоит ҳҿар, зыхдырра маҷу ирыхҟьаны ҭаацәала ауааҧсыра амҩақәа рҟны амашәыр иақәшәоит, ахәыҷқәа уаҩыб­жаны иаанхоит, убри азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵар ауп», – иҳәеит адепутат. Иара убасгьы уи иазгәеиҭеит 30 нызқь ахараҧса шмаҷишьо. «Сара исҭахын 48 нызқь мааҭ рҟны аангылара», – иҳәоит уи.

Шамахамзар адепутатцәа зегьы ари азҵаараҿы еиқәшаҳаҭын. Аха абраҟагьы ицәырҵуан азҵаара абри азакәан адкылара ашьҭахь азинхьчаҩцәа аҵарҭыша ргалар алшоит ҳәа. Жәлар Реизараҿы излазгәаҭаз ала, уи иаанагаӡом иахьа ҳусбар­ҭақәа рҟны аус зуа зегьы рмаҵура иакәымла рхы иадырхәоит ҳәа. Насгьы иазгәаҭан, азинхьчаҩцәагьы ацхыраара шырҭаху, ари аус аҟны зегьы ҳаидгылар шакәу.

Адепутатцәа ргәаанагарала, ари Азакәан аусушьа ашықәс аҩнуҵҟа иднарбоит, анаҩсан иацклаҧшлатәуп, алҵшәақәа гәаҭалатәуп. Жәлар Реизараҿы иазааҭгылеит иахьатәи астатистика излаҳнарбо ала, амчыбжь аҩнуҵҟа ишааныркыло 150-180 ҩык инарзынаҧшуа ижәны аҧсҟы зку ауааҧсыра. Жәлар Реизара адепутатцәа агәаанагара рымоуп, ишьақәырҕәҕәоу ахараҧса маҷк аҭагылазаашьа иацхраап ҳәа.

Жәлар Реизара аилатәараҿы Адлеиба имҩаду аҟны иҟоу Аҟәатәи аҧсыӡкратә наплакы ахатәтәразы адгылара арҭеит. Адепутат Вахтанг Гәаланӡиа иазгәеиҭеит ари анаплакы аҟны аус шыруа ҳџьынџьуаа, иара убасгьы ҳџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа. Анаплакы иахьа уажәраанӡа аус ауан аренда ҳасабла. Уажәшьҭарнахыс азакәан ишаҳәо инақәыршәаны, ауснагӡатәқәа зегьы ирықәныҟәаны, анаплакы арендала измаз  ахатә­тәрахьы аиагара рҭахуп.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы ирзааҭгылан егьырҭ азҵаарақәагьы.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me