Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашьаусеилыргара хацыркуп

Апсныпресс. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аусзуҩ амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.

Апрокуратура Хада асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы, Леон имҩаду, 29 аҟны иҟоу аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анхамҩатә шҭа иахьаҵанакуа, аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәы шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа рхы иархәаны инарыгӡаз аусмҩаԥгатә иалагӡаны дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аусзуҩ, амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа.

Хаҭала игәаҭараан Аик Арзуманиан идырбалеит аполиетилен еиқәаҵәа илаҳәаз аххыраԥшра змоу ама­ҭәашьар шкәакәа злаҳәаз аилаҳәара, иара убас ҩ-граммк агәырқәа. Уи зегьы Аик Арзуманиан изакәанымкәа аусеилыргарала макьаназы ишьақәыргылам аҭагылазаашьақәа раан иааихәаз, анаҩс имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҿы зыҭира гәҭакыс имаз маҭәарқәоуп.  Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аик Арзуманиан заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа ала даанкыланы аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахь днаган. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә Ӡбарҭа ахь игәҩароу иганахьала аҭакрала ахьырхәра изалхразы азыҳәамҭа нашьҭхоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me