Ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Никалаи-иԥа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы 30 шықәса ахыҵра. Ари Аилакы еиҿкаан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еиҳа иануадаҩыз аамҭазы, 1993 шықәса хәажәкырамза 23 рзы. Ари шаҳаҭра ауан, агәрагарагьы ҳнаҭон, иаарласны Аиааира ҳара ишаҳтәхоз, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыргьежьра шхымԥадатәиу, ҳауаажәлар рзы арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа аҵак ду шрымоу. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аусура ҳәаақәнаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан, уи даҽазныкгьы шаҳаҭра ауеит ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра аус акырӡа шаҵанакуа.
30 шықәса раахыс Аилак аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа қәҿиарала инанагӡоит – арепатриантцәа рырхынҳәра аус аиҿкаара, адаптациа рахысра, рабдуцәа рџьынџьдгьыл аҟны анхареи-анҵыреи рзы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара уҳәа убас егьырҭгьы. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥсуа диаспореи Аԥсны Аҳәынҭқарреи еимаздо ихадароу усбарҭоуп. Аилак анапхгаҩцәеи аусзуҩцәеи ирыбзоураны Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә, Мысрантә, иара убас егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтә ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра алыршахеит. Ҳарҭ иаҳҭахуп атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны инхо ҳашьцәа ирдыруазарц, Аԥсны – даргьы ҳаргьы иаҳзеиԥшу аҩны ашҟа, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра еснагь ҳшазыԥшу. Ҳамчқәа еилаҵаны, ҳажәҩахырқәа еибыҭаны, ҳарҭ иҳалшоит иӷәӷәоу, еизҳазыӷьо аҳәынҭқарра аргылара. Шәарҭ, Аилак аусзуҩцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аҭынчра, Аԥсны аԥеиԥш лаша ахьӡала имҩаԥыжәго аусқәа рҟны аихьӡарақәа!
Иара убас Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭеилакы 30 шықәса ахыҵра аколлектив ирыдиныҳәалеит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба.