Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
Хәажәкырамза 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2023 шықәса мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьареи анаԥхьара инақәыршәаны аррамаҵзура иахысуаз рхы рақәиҭтәреи рзы. 2023 шықәа мшаԥымза 1 инаркны рашәарамза 30-нӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ԥхьатәара иҟам, аррамаҵзурахь анаԥхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рнаԥхьара.
Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21 рзы Аҟәа, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны имҩаԥысит аполитикатә партиа «Амцахара» XIV аизара ду. Уаҟа иалацәажәеит Аԥсны адәныҟатәи аҩнуҵҟатәи амшхәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа, ауаажәларраполитикатә, аекономикатә ҭагылазаашьа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аизара ду даҭааит, Аԥсны Аҳәынҭқарра акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит аделегатцәеи Аԥсны жәлари ихы рықәкны.
Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара амуниципалтә наплакы «Арго-Инвест» Аԥсны атуризм Аминистрра ааԥхьарала атуризми асадкылара аиндустриеи рзы XXIX Жәларбжьаратәи ацәыргақәаҵа MITT – 2023 ахы аланархәит.
«Ҳара араҟа Аҟәа ақалақь аӡыргара, уи аҭоурых аиҭаҳәара, ҳаҳҭнықалақь акультура, аҭыԥ ԥшӡарақәа рылацәажәара азы алшара ҳамоуп. Ари Аҟәа ақалақьи иааизакны Аԥсны акурортқәеи атуристтә лшарақәеи рӡыргаразы алшара аԥызҵо зеиӷьаҟам плошьадканы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Арго-Инвест» адиректор хада Леуан Адлеиба.
Март мза алагамҭа инаркны ихацыркуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәеи, ҳтәыла араионқәа ршколқәа раушьҭымҭатә классқәа рҵаҩцәеи реиҧыларақәа. Ари аҩыза аусмҩаҧгатә уажәадагьы еиҿыркаахьеит, уажәшьҭа уи атрадициатә ҟазшьа амоуп. Сынтәатәи аиҧыларақәа хацыркын Тҟәарчал араион ала.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵара 30 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.