Мышқәак раҧхьа имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәу аилатәара. Амш аусхәаҧштә аҟны иқәгылан 17 зҵаара. Урҭ рахьынтә 5 зҵаарак аанкылан, анаҩстәи аилатәараҿы азыхынҳәразы.

Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьарала ирыдыркылеит азакәанапроект «Афинанстә қьыра (лизинг) азы». Иара убасгьы Аҧсны атуристтә усхк азы азҵаара актәи аҧхьарала  ирыдыркылеит. Уи инақәыршәаны абжьаратәи мамзаргьы иреиҳауи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо аекскурсиақәа рымҩаҧгара азин рымоуп.­

Мшаԥымза 4 инаркны 7 аҟынӡа Аахыҵ-Уаԥстәыла имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны акультура Амшқәа.  Цхинвал ақалақь аҿы аҿар ртеатри, жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи аҳәынҭқарратә ансамбли ықәгылараны иҟоуп.

Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны акультура Амшқәа раартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркхоит мшаԥымза 5 рзы. К. Л. Хетагуров ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ахәаԥшцәа идырбахоит Аԥсны аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр инанагӡо Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Шьалодиа Аџьынџьал иажәабжьқәа рмотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль «Аибашьра ахымш рҽны». Мшаԥымза 6 рзы Аԥсны зҽаԥсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Рҳәынҭқарратә ансамбли аԥсуа естрада артистцәеи рықәгылара  азгәаҭоуп.

Апсныпресс. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аусзуҩ амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.

Алақәа иреихсны рышьра

24 Хәажәкыр 2023 07:34

Аԥсныпресс. Гагра ақалақь азинхьчаратә усбарҭақәа ақалақь аҿы алақәа иреихсны рышьра иалахәыз ауаа реилкаара иаҿуп. «Ҳара ҳхаҭа даара ҳаршанхеит иҟалаз ахҭыс. Азинхьчаратә усбарҭақәа ари агәымбылџьбаратә хҭыс иалахәыз ауаа реилкааразы аусура мҩаԥыргоит. Иҟоу адыррақәа рыла, уи џьоукы хазхаҭала иаԥшьыргаз, анаҩс еиҿыркааз усуп. Ҳара иԥшәымадоу алақәа рпроблема аӡбаразы ас еиԥш аметод зынӡа ҳадгылаӡом», – ҳәа Апсныпресс акорреспондент иацы иҟалаз ахҭыс азы иҟаиҵаз азҵаара  аҭак ҟаҵо, иҳәеит Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәба.

Хәажәкырамза 20 азы атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрограммала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны иааз Аахыҵ-Кавказ азҵаарақәа рзы Европатәи Аидгыла Ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар напхгара ззиуаз Европатәи адипломатцәа рделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәыз Аахыҵ-Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иактуалтәу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ҷыдала, аиҿцәажәараан арегион аҟны ашәарҭадара иадҳәалоу атемазы ргәаанагарақәа еимырдеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me