Лаҵара 11, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Азанааҭ алзхуа рыцхрааразы

Март мза алагамҭа инаркны ихацыркуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩратә еилазаара ахаҭарнакцәеи, ҳтәыла араионқәа ршколқәа раушьҭымҭатә классқәа рҵаҩцәеи реиҧыларақәа. Ари аҩыза аусмҩаҧгатә  уажәадагьы еиҿыркаахьеит, уажәшьҭа уи атрадициатә ҟазшьа амоуп. Сынтәатәи аиҧыларақәа хацыркын  Тҟәарчал араион ала.

Тҟәарчалтәи  актәи  абжьаратәи ашкол  аҟны  еиҿкааз аиҧылара иалахәын араион ашколқәа жәпакы реиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа. Арҵаҩцәа ахәыҷқәа  иреилдыркааит хара имгакәа  Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аолимпиада  мҩаҧысраны ишыҟоу, уаҟа зҽалызкааз аҵаҩцәа ҧышәарада  иреиҳау аҵараиурҭа ишаднакыло атәы.  Ауниверситет аҧсуа литература  акафедра  адоцент  Адгәыр Какоба  иқәгылараҿы иҳәеит  ари аҩыза аиҧыларақәа  хықәкыс ишрымоу хара имгакәа  ашкол иалго  аҵаҩцәа раҧхьаҟатәи рзанааҭ алхраҿы   ацхыраара рыҭара.  ААУ  имҩаҧысраны  иҟоуп  амаҭәартә  аолимпиада, уи аҽалархәразы  алшара рымоуп  агәаҳәара  змоу  зегьы. Уаҟа  аҧхьахә ҭыҧқәа  аанызкыло аушьҭымҭацәа  хәыда-ҧсада  аҵаразы  алшара роуеит.

«Аушьҭымҭацәа аӡәырҩы макьана иалрымхӡац ирҭаху азанааҭ, урҭ рыцхраара хықәкыс иҟаҵаны ауп ауниверситет афакультетқәа зегьы рхаҭарнакцәа абрахь изымҩахыҵыз. Ҳара иаҳҭахәуп ишәеилҳаркаарц иҳамоу алшарақәа ртәы», – иҳәеит еизаз аҿар рахь ихы нарханы Адгәыр Какоба. Иара иажәақәа рыла, уажәшьҭа хышықәсоуп ауниверситет имҩаҧнаго аолимпиада ду зҽалазырхәуа, алҵшәабзиақәагьы аазырҧшуа аҿар хәыда-ҧсада ҳтәыла иреиҳау аҵараиурҭа афакультетақәа зегьы рахь ирыдыркылоижьҭеи. Аиҧылара цон сааҭки бжаки инарзынаҧшуа. Арҵаҩцәа иазааҭгыланы рҭакқәа ҟарҵеит ашколхәыҷқәа зызҿлымҳаз азҵаарақәа зегьы. Аҵаҩцәа ракәзар, гәахәарыла ирыдыркылеит ари аиҧылара. Гәында  Ҷолариаҧҳа   лгәы иҭоуп  апедагогикатә  факультет  аҭалара. Лара  лгәаанагарала,  аолимпиада аҽалархәра ахәҭоуп. «Уаанӡа исыздырамызт асеиҧш алшара узҭо аолимпиада шыҟоу. Уи даара ихәарҭоуп  ҳәа сыҧхьаӡоит. Адырра бзиақәа змоу рзы ицхыраагӡоуп», – лҳәеит аҭыҧҳа.

Аиҧш зеиҧшу аиҧылара мҩаҧган Очамчырагьы. Азанааҭ алхра азҵаараҿы иҟоу  ахырхарҭақәа аҵаҩцәа реилыркааразы, ҩнызқьи ҩажәи хҧа шықәса рзы иазгәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, ауниверситет ахаҭарнакцәа ргәыҧ  март жәиҧшь рзы аиҧылара мҩаҧыргеит Очамчыра араион ахадараҿы. Аиҧылара иалахәын шәи ҩынҩажәи жәаҩык инарзынаҧшуа аҵаҩцәеи, Очамчыра араион ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гындиеи. Алекторцәа аҵаҩцәа ирзеиҭарҳәеит ҩнызқьи ҩажәи хҧа – ҩнызқьи ҩажәи ҧшьба шықәсқәа рзтәи аҵарашықәс азы аҳәынҭқарратә  университет аушьҭымҭацәа ирыднагало афакультетқәеи урҭ рхырхарҭақәеи ртәы.  Иара убасгьы ирзааҭгылеит аҧышәа­рақәа рахь  анеиразы хымҧада еизгатәу ашәҟәқәа. Сынтәа ауниверситет аҟны иазгәаҭоуп «Аҳаракырахь амҩа» зыхьӡу аолимпиада амҩаҧгара. Уи рхаладырхәырц  рылшоит агәаҳәара змоу аушьҭымҭацәа зегьы.  Аиҧылара хыркәшо, ицәажәоз аҵаҩцәа иазгәарҭон дара рахьтә аӡәырҩы ирҭаху азана­аҭқәа шалырххьоу, аиҳараӡак ргәы ишҭоу аҳәаанырцә имцакәа, Аҧсны рҵара иацырҵарц.

Аҳәынҭқарратә университет аусзуҩцәа Аҧсны егьырҭ араионқәагьы ирҭаауеит.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me