Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Хәажәкырамза 20 азы атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрограммала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, аҵарадырра аминистр Инал Габлиа Алеқсандр Анқәаб асоциалтә еиқәыршәара, агәабзиарахьчара, аҵарадырра аусхкқәа рҿы азакәан апроектқәеи азакәанцҵатә шәҟәынҵақәеи аус рыдулара амҩаԥысшьазы адырра ирҭеит. Апрограмма Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа азакәан апроектқәа реиқәыршәара иахәҭоу ахылаԥшра арҭарц азы адҵа риҭеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me