Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Март 27 – атеатр Адунеизегьтәи амш

Атеатр Адунеизегьтъи амш – атеатр аусзуҩцәа зегьы ринтернационалтә занааҭтә ныҳәа ауп, адунеи зегьы аҿы есышықәса иазгәарҭоит март 27 азы. Ари ахҭыс традициала зегьы ирзеиԥшу девизк амоуп: «Атеатр ажәларқәа реилибакаареи аҭынчра арӷәӷәареи рхархәагак аҳасабала».

Аныҳәа азгәарҭоит арежиссиорцәа, адраматургцәа, актиорцәа атеатртә критикцәа. Иара убас адныҳәаларақәа рыдыркылоит аибыҭаҩцәа, арлашаҩцәа, абжьы арежиссиорцәа, асахьаҭыхҩцәа, адекораторцәа уҳәа егьырҭгьы.

Атеатртә ҟазара абзиабаҩцәа рзы атеатр амшгьы ныҳәаҵәҟьоуп, избанзар убри амш аҟынӡа иахдырԥоит агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа, еиуеиԥшым атеатртә фестивальқәа, театрқәак ракәзар, абри амш аҽны рҽазыршәоит аспектакль ҿыцқәа дырбара.

Ҳҳәынҭқарраҿы аус руеит атеатрқәа ԥшьба: С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Ф.Искандер ихьӡ зху адрама Аҳәынҭқарратә аурыстә театр, Аԥсуа аҳъынҭқарратә аҿартә театр, Шә.Пачалиа ихьӡ зху акомедиа Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр.

Абри амш аламҭалазы Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба атеатр аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Адунеизегьтәи рымш. Ахәҭакахьала, уаҟа иазгәаҭоуп: «Акыр иаԥсоу аҩызцәа, гәык-ԥсык ала иԥхаӡа ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – атеатр Адунеизегьтәи амш!. Ари аусзуҩцәа рымацара ракәымкәа, атеатртә ҟазара абзиабаҩцәагьы ирныҳәоуп. Аԥсны урҭ рхыԥ­хьаӡара есышықәса иацлоит.

Аԥсны беиоуп атеатртә тради­циақәа рыла. Ҳара иҳамоуп арҿиаратә қәҿиара шьахәқәа рымҩа ианысхьоу, зыхьӡ-зыԥша гахьоу атеатртә коллек­тивқәа. Урҭ иахьа инарҭбааны еицырдыруеит ҳаԥсадгьыл аҟны мацара акәымкәа, уи анҭыҵгьы.

Аԥсуа театртә ҟазара анцәырҵыз инаркны еиҵагылахьеит аусзуҩцәа дуқәа рабиԥарақәа маҷымкәа. Урҭ хәызмаӡам алагаламҭа ҟарҵеит ҳтеатртә ҟазара ашьақәгылареи арҿиареи рганахьала. Изнылаз амҩа, иалырхыз аус ашҟа азҿлымҳара ду аадырԥшуеит абиԥара ҿа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me