Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агыгшәыг аҧхасҭа ҟарымҵарц азы

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз аусдҵа  инақәыр­шәаны  хәажәкыра  1 инаркны рашәарамза 1 азынӡа  ашәарыцаҩцәа абгақәеи, абгалаџқәеи, абгахәыҷқәеи рышьразы иреишәарыцоит. Ихацырку ауснагӡатә иабзоураны  шәи хынҩажәи жәаба хы инарыцны агыгшәыг ршьхьеит. Иҳаҩсыз  аҧсшьара  мшқәа рзы Очамчыра  араион аҟны еиҿкаан зымҽхак ҭбааз  ашәарыцара.

Аҧхасҭа ҕәҕәа ҟазҵо  агыгшәыг  рхыҧхьаӡара  агырхара,  мамзаргьы аҭышәныртәалара азҵаара  цәырҵижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рыҩнуҵҟа ари азҵаара акырынтә иалацәажәахьеит, аиҕьтәразы  иҟаҵатәу амҩақәагьы алыркаахьеит, аусурақәагьы хацдыркхьеит, аха аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аҧсахра ус имариам.

 Аинылара иаҿу абнаршәырақәа рҿы зыҿиара хылаҧшра амам агыгшәыг рхыҧхьаӡара акыр ирацәахеит. Ишдыру еиҧш, аҧсуа қыҭақәа рҿы анхацәа адгьыл ақәаарыхра анаҩсгьы  рнапы алакуп  ашьамаҟеи  аҧсасеи  рааӡара.  Еиҳаракгьы  ахашәала  рызҭо дара  роуп.   Аха,  рыцҳарас  иҟалаз,   абгақәеи, ақәыџьмақәеи, абгалаџқәеи аҧхасҭа ҕәҕәа ҟарҵоит. Имаҷӡам ахҭысқәа  нхаҩык   быжьба-ааба  хы  рҟынӡа ирахә шықәсык иалагӡаны  агыгшәыг ианырфо. Иҟалахьеит ахҭысқәа ҩажәа-ҩажәихәба хы аҧсаса ақәыџьмақәа уахык иалагӡаны ианҭадырхо. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуноуп агыгшәыг рхыҧхьаӡара аҭышәныртәаларазы  ақәҵарагьы  зрыдыркылаз.

  Иазгәаҭатәуп,  иара  алҵшәа бзиақәагьы шаанарҧшуа. Очамчыреи, Тҟәарчали, Гали рраионқәа рҟны ашәарыцаҩцәа иршьхьоу абгалаџқәа рхыҧхьаӡара шәи хынҩажәи жәаба хы  иреиҳауп. Иаҳхысыз аҧсшьарамшқәа рзы хыҧхьаӡара рацәала ашәарыцаҩцәа алархәны ашәарыцара еиҿкаан. Ас еиҧш аусмҩаҧгатә шеиҿкаахо ашәарыцаҩцәеи аҧсыӡкцәеи рхеилак аиҳабы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа аҭыҧантәи ашәарыцаҩцәа заа иреиҳәахьан.

 Ашьыжь дара еиқәшәеит  еибырҳәахьаз аҭыҧ аҿы.  Ақәыџьмеи  абгалаџи  реишәарыцараҿы аҭыҧ ҷыда ааныркылоит алашәарыцақәа, дара ирыбзоуроуп уҳәар алшоит ашәарыцара алҵшәа бзиагьы. Ашәарыцаҩцәа ражәақәа рыла, ари аус аҭыҧантәи анхацәа радыҧхьалара цхыраагӡа дуны иҟоуп. Избан акәзар, ашәарыцаҩцәа рымацара аҭагылазаашьа изахәаӡом. Аҳәынҭқарра анапхгара  ракәзар агыгшәыг рышьразы аҧара азоурыжьит. Уажәшьҭа азҵаара даҽакала иқәгылеит, анхацәа ҟәрышьлагьы ирзыфеидоуп урҭ рышьра. Ашәарыцаҩцәагьы  рҽаладырхәит ари аус.

Хәыжәкылара акы инаркны аҳәынҭқарра аԥара азоунажьыт. Абгалаџ зшьуа изыҳәан ҩ­нызқьи хәышә мааҭ, абгаду зшьуа хә-нызқь мааҭ роуеит. Агыгшәыг раанкыларазы ахәҧса атәы анраҳа реишәарыцара иалагаз рацәаҩуп, иршьуагьы рхыҧхьаӡара рацәахеит. Аха, иҟалаз уи ауп, ари аус иазоужьу хәышә-нызықь мааҭ роуп. Хәажәкыра мза нҵәаанӡа уи аҧара иартәоу ахыҧхьаӡара аҟара ршьхьеит, ашәҟәы иҭаргалахьеит. Очамчыра араион аҿы мацара шәи ҩынҩажәи жәаба хы абгалаџқәеи, абгақәа хәбеи ршьхьеит. Егьырҭ Аҟәатәи, Гәдоуҭатәи, Гагратәи араионқәа рҿы ҩышә инарзынаҧшуа абгалаџқәа ршьхьеит.  Ари аус амҩабжара иаанымхарц азы ҳгәы иҭоуп аҳәынҭқарра анапхгара аус ацҵара адгылара арҭарц азы аҳәара раҳҭарц иҳәеит Аҧсны ашәарыцаҩцәеи  аҧсыӡкцәеи рхеилак аиҳабы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа. Ас еиҧш ашәарыцарақәа рымҩаҧгара иазгәаҭоуп Аҧсны араионқәа зегьы рҟны.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me