Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Апоезиа амш азгәаҭан

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иазгәаҭан  апоезиа Адунеизегьтәи Амш.

Март 21 рзы атәылақәа жәпакы рҟны иазгәарҭо апоезиа амш ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла абзоурала Аԥсны иазгәарҭоит 2011 ш. раахыс. Аусмҩаԥгатә иҿкаан сынтәа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра иазку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны. Ашәҟәыҩ­ҩцәа Реидгыла аҟнытә инаган алитературатә ԥсҭазаара зныԥшуа афотосахьақәа рыла еиҿкааз   ацәыргақәҵа. Аныҳәа амҩаԥгара иалахәын ААУ арҵаҩцәа, В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа ацентр аҟны иаԥҵоу алитература-рҿиаратә еилазаара «Ацәыкәбар» еиднакыло астудентцәа, алитера­тура иазҿлы­м­ҳау аҿар.

Ахәылԥаз аартуа, афилологиатә факультет адекан, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Баҭал Ҳагәышь еизаз зегьы апоезиа Амш рыдиныҳәалеит. Иазгәеиҭеит, апоезиа ҽнак мацара азааҭгылара акәымкәа, есыҽны ауаҩы ишьаида иалоу, зыда ԥсыхәа имам акакәны иҟазар шақәнагоу. Насгьы ихымԥадатәу акәны дахцәажәеит, ари амш аҽны апоезиа аҳәаақәа рырҭбааразы аҩра знапы алаку аҿар рҩымҭа ҿыцқәа шцәыргалатәу, уажәынахысгьы ашәҟәыҩҩцәеи аҿари русеицура ишацҵатәу.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иқәгылараҟны дазааҭгылеит, арҿиаратә еилазаареи, аԥсуа литературеи, апериодикатә кьыԥхьи рышьақәгылареи рыҿиареи рҭоурых, изнысыз амҩа инамаданы ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа. Ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩи ҳаԥсуа интеллигенциа рхаҭарнацәеи зааӡахьоу, адыррақәа ираҳҭынроу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа рџьабаа ахәшьара бзиа аиҭеит. «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа шәоуп ҳҿар знапы иану. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәымчи, шәылшеи, шәдырреи еиҵагыло абиԥа­рақәа иахьрымажәдо азы», – иҳәеит иара.

В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-адыга филологиа Ацентр аиҳабы, аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы Ахра Анқәаб дахцәажәеит, апоезиа иазааԥсо аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи алитератураҭҵааҩцәеи рлагала.

Апоезиа аныҳәа иалагӡаны иӡырган аԥсуа сахьаркыратә литература аклассикцәа Қьаазым Агәмааи («Иалкаау»), Никәала Ҳашыги («Аԥсуара ашьаҭақәа») ҿыц иҭыжьу рышәҟәқәа.

Аԥсуа поезиа аклассикцәа ражәеинраалақәа реиԥш, рхатәы жәеинраалақәа ирыԥхьеит  апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, насгьы апоет, ажурналист, аԥсуа бызшәа акафедра арҵаҩы еиҳабы, ААУ аинформациеи амедиакоммуникациеи рыҟәша анапхгаҩы, агазеҭ «Аԥсуа университет» аредактор хада Алхас Чхамалиа. Аклассикцәа ражәеинраалақәа исахьаркны ирыԥхьеит иара убас «Ацәыкәбар» еиднакыло астудентцәа: Сабид Агрба, Неонелла Ҳараниа, Ариана Адлеиба, Алиса Сақаниа, Елана Чхеиӡе, Денис Кокосқьериа.

Апоезиа аныҳәа  лхы алалырхәит Ҟарачы-Черқьестәыла жәлар рпоет Лариса Шебзыхәа. Уи лықәгылараан аныҳәа рыдныҳәалауа дрыԥхьеит лхатәы жәеинраалақәа.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахьӡала афилологиатә факультет ҳамҭас иаҭан аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҭыжьу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рышәҟәқәа.


В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me