Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Алаҳәарақәа

Аҧсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа Рквалификациатә коллегиа ирыланаҳәоит Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ иҭацәу ҭыҧк – 1 иандаҭлауа рҟнытә арзаҳалқәа шаднакылауа.

Арзаҳал иацзароуп:

1) Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩык иаҳасабала аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат ихаҭара зыршаҳаҭуа адокумент ахаҭа, мамзаргьы амҳәыр заархоу уи ахҩыла;

2) аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат ибиографиатә дырраҭара зну анкета, уаҟа иадырбоит аӡбаҩ иҭыҧ ахь иалхра иаҧышьклаҳәуа аҭагылазаашьақәа шыҟам азы адырраҭарақәа, иара убас иара иҭаацәара ахьтә дарбанзаалак ижәла, ихьӡ, иабхьӡ, даниз арыцхә, дахьиз;

3) аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат иреиҳау ииуристтә ҵара шьақәзырҕәҕәауа адокумент ахаҭа, мамзаргьы амҳәыр заархоу уи ахҩыла;

4) азакәанҧҵарала ишьақәыргылоу аҧҟарала Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарраҟны иоуз аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат иреиҳау  ииуристтә ҵара шьақәзырҕәҕәауа адокумент, мамзаргьы амҳәыр заархоу уи ахҩыла;

5) аӡбаҩ иҭыҧ аанкыларазы иаҭаху аиуристтә занааҭ аганахьала шаҟа аамҭа аус иухьоу шьақәзырҕәҕәауа аџьатә шәҟәи егьырҭ адокументқәеи рхаҭа, мамзаргьы амҳәыр заархоу урҭ рыхҩылақәа;

6) аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат ӡбаҩыс иалхра иаҧырхагоу ачымазарақәа шимам азы шаҳаҭра зуа адокумент;

7) аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат алкоголизми, анаркоманиеи, атоксикоманиеи ицәа иалоу аҧсихикатә шьақәҟьарақәа рыхәышәтәра инамаданы анаркологиатә, мамзаргьы аҧсихоневрологиатә диспансер аҟны ашәҟәы дшықәгылам зыршаҳаҭуа адокумент;

8) аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат иус шырмыӡбац, убрахь иналаҵаны ихырххьоу аӡбарагьы шимам азы шаҳаҭра зуа адокумент;

9) аквалификациатә ҧышәара алҵшәақәа рзы асертификат, мамзаргьы амҳәыр заархоу уи ахҩыла;

10) аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат изанааҭтә усура, иара иустә, иҟазшьабзиатә хаҭабзиарақәа зныҧшуа аҵыхәтәантәи хәышықәса рыҩнуҵҟала иусура аҭыҧ аҟнытә аҟазшьарбага;

11) Аҧсны изыхәҭоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахьала иаҭаху агәаҭаратә усмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат шәҟәыла иақәшаҳаҭхара;

12) аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидати уи иҭаацәеи рлагалақәа, рмазара, амазаратә ҵакы  змоу рхыдҵақәа рзы адекларациа;

13) аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат ифотосахьа.

Аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидат иҿаҧхьа иқәдыргыло адҵақәа.

Дыӡбаҩхар илшоит Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ:

1) иреиҳау аиуристтә ҵара змоу;

2) иара дзындаҭлауа амаҵура ҭыҧ аанкыларазы иаҭаху аиуристтә занааҭ  ала аусура астаж змоу;

3) зус рмыӡбац, убрахь иналаҵаны ихигахьоу мамзаргьы ихырххьоу аӡбара змам, мамзаргьы уи иганахьала ариашаратә шьаҭақәа рыла шьауҕала ашьклаҧшра ззаанкылоу;

4) аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра атәылауаҩра, мамзаргьы анхара азин, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа Аҧсны атәылауаҩ иааиҧмырҟьаӡакәа инхара азин шьақәзырҕәҕәауа даҽа документк змам, 2005 шықәса ноиабр 8 азы «Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩразы» (анаҩсан – «Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра  Азакәан) Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан №1168-с-IV ахәҭаҷ 6 аҟны иарбоу ауаа аалхны;

5) аӡбарҭала ихы инапаҿы иҟам, мамзаргьы ихы инапаҿы аҟазаара ҧкуп ҳәа иазхаҵам;

6) алкоголизми, анаркоманиеи, атоксикоманиеи, акыраамҭа аҧсихикатә шьақәҟьарақәа рҟнытә ихәышәтәра инамаданы анаркологиатә мамзаргьы аҧсихоневрологиатә диспансер аҟны ашәҟәы иҭагалам (ашәҟәы иҭаҩым);

7)  аӡбаҩ изинмчқәа рынагӡара иаҧышькласуа ачымазарақәа змам.

Аӡбаҩ  иҭыҧ ахь дкандидатны дзыҟалом ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас ирымоу мамзаргьы ахара здырҵауа, иара убас иҽеим ихымҩаҧгашьа инамаданы аӡбаҩ иҭыҧ  аҟнытә уаанӡа зхы иақәиҭыртәхьоу.

Иарбоу адҵақәа инарықәыршәаны:

Араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс дҟалар ауеит 30 шықәса зхыҵыз, аиуристтә занааҭала 5 шықәса еиҵамкәа аус зухьоу.

Аӡбаҩ иҭыҧ ахь акандидатцәа рарзаҳалқәа рыдыркылоит Аҧсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахыбраҟны абри аҭыӡҭыҧ ала:  ақ. Аҟәа, Лакоба/Арӡынба рымҩа 2/5 аусурҭатә ҭел – 229-47-53, 2023 ш. март 22 инаркны 2023 ш. апрель 5 азынӡа.


М.З. Кәыҵниа,

Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа

Рквалификациатә коллегиа ахантәаҩы

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me