Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Башкортосҭантәи аделегациа Аҧсны рыҟазаара аан

Хәажәкыра мза 30 рзы Башкор­тосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров напхгара зиҭоз аделегациа официалтә визитла Аҧсны иаҭааит. Аделегациа иалахәын Башкортосҭан Ареспублика Аҧыза-министр Андреи Назаров, Башкор­тосҭан Ареспублика Аҳәынҭқар­ратә Еизара – Курултаи ахантәаҩы ихаҭыҧаҩ Рустам Ишмухаметов, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, аекономикатә ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Рустам Муратов, адәныҟа економикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистр Маргарита Болычева, аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Аибулат Хажин, анаплакреи атуризми рминистр ихаҭыҧуаҩ Светлана Верешьчагина, ааглыхреи, афымцамчи, арҿыцрақәеи рминистр Валери Галиев.

Аделегациа Аҧсны ианаҭаауаз амш аҽны, Аҧсни Урыстәылеи рҳәаа аҟны асасцәа бзеила шәаабеит ҳәа дырҧылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра  Ахада Аслан Бжьаниа,  иара убасгьы Аҧсны Аиҳабыра рхаҭарнакцәа. Асасцәа Аҧсны рыҟазаара аамҭа иалагӡаны ирҭааит Гәылрыҧшьи Очамчыреи рраионқәа.

Март 31 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Башкортосҭан Ахада Ради Хабирови Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ҳфырхацәа анышә иахьамадоу Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Иара убасгьы уаҟа збаҟақәа ықәгылоу ҳар раҧхьагылаҩцәа, Аҧсны Афырхацәа Сулҭан Сосналиеви Сергеи Дбари ҳаҭырла иргәаладыршәеит.

 Анаҩсан Башкортосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров напхгара ззиуаз аделегациа мҩахыҵит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭахь. Уаҟа имҩаҧгаз аиҧылара аҧсуа ган аҟнытә рхы аладырхәит Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны иҟоу Урыстәла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит дара Аҧсныҟа раара иазыҧшужьҭеи акыр шааҵуаз. «Ҳарҭ ҳауаажәлар акыршықәса аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп. Иаҳгәалашәоит аамҭа хьанҭақәа раан Башкортосҭан анапхгареи ауаажәларреи иҳарҭоз адгылара. Ҳҭоурых адаҟьақәа иаҳнарбоит аҧхьаҟагьы ари ҳаиҩызара иҵегьы ишыҵаулахо, ишеиқәҳархо ҳаиҳабацәа ишьҭарҵаз амҩа», – иҳәеит Атәыла Ахада. Иара убасгьы уи иазгәеиҭеит Аҧснытәи аделегациа Башкортосҭан рыҟазараан ирбазираҳаз акыр агәахәара шырнаҭаз. «Иаҳхысыз ашықәс азы шәара шәҟны ҳаҟазараан иаҳбеит шәреспубликаҿы акыр аихьӡара дуқәа шшәымоу. Шәыуаажәлар ракәзар, ауаа гәыразқәа, ауаҩы ицхраара, ивагылара иазхиоу роуп», – иҳәеит Аслан Бжьаниа асасцәа рҧылараан.

Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров иазгәеиҭеит Аҧсныҟа ироуз ааҧхьара гәахәара дула ишрыдыркылаз. «Иаҳхысыз ашықәсан ҳреспублика шәанаҭааз, сгәанала алҵшәа бзиақәа аман. Убасҟан ҳара ҳаицәажәеит аринахыстәи ҳаизыҟазаашьақәа иҵегьы рырҭбааразы. Ҳарҭ ҳаиҩызара акыр аҭоурых дууп. Уажәшьҭа иамҭоуп Аҧсни Башкортосҭани рыҩнуҵҟа адәныҟаекономикатә еизыҟазаашьақәа иҵегьы инарҵауланы рырҿиара», – иҳәеит Башкортосҭан Ахада. Уи иазгәеиҭеит Аҧсни Бошкортосҭани рыҩнуҵҟа азҵаарақәа рыӡбара инапы ишанҵоу адәныҟаекономикатә министрра ахаҭарнак Олег Назаров.

Башкортосҭан Ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит Аҧсни дареи рылшарақәа ртәы ҷыдала ишҭырҵааз. «Аҧсны ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ҳара ҳзы даара аинтерес ду амоуп. Ҳара ҳганахьала акәзар, ҳазхиоуп Аҧсныҟа аагара азараҟьа хәшеи ашьақари», – иҳәеит уи. Анаҩсан иазгәеиҭеит Аҧсны аханатә аахысгьы гәабзеирачаҧарҭаны ишыҟаз. Агәахәара шинаҭо урҭ атрадициақәа рыханҳәра. «Ҳарҭ иахьа ҳарҭааит араионқәа. Уаҟа иаҳбеит акыр асасааирҭа дуқәа, иара убасгьы аҭаацәаратә сасааирҭақәа шырацәахаз, уи аинтерес ду ҳазцәырнагеит», – иҳәеит Ради Хабиров.

Аиҧылара анаҩсан Аҧсны Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаби Башкортосҭан Ахада Ради Хабирови «Ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, асоциалтә, атуристтә, акультуратә усхкқәа рҿы жәларбжьаратәи адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рынагзаразы» аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Иара убасгьы Аҧсны аекономика аминистр Кристина Озгани Башкортосҭан аекономикатә ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Рустам Муратови аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Анапаҵаҩра анхыркәшаха ашьҭахь,  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Башкортосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабирови ажурна­листцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит, аиҧылара алҵшәақәа рзы.

«Сара зныкымкәа исҳәахьеит Башкортосҭани ҳареи ҳаидызкыло ҳаиҩызара аҭоурых иагәылсны ишаауа. Уи аамҭа иҧнашәахьеит. Убри аҟнытә,  ииашахоит ҳаизыҟазаашьа иҵегьы арҵаулара. Ҳара ҳазҿлымҳауп атуризм, ақыҭанхамҩа, аалыҵқәа реикәыршара уҳәа рҟны еицаҳзеиҧшу апроектқәа рынагӡара», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров иакәзар, иазгәеиҭеит Аҧсныҟа аинвестициақәа рыхынҳәра ишалагаз. «Гәахәара дула иҳадаҳкылоит атуристтә  комплексқәа, аҧсшьараҭа ҩны ҿыцқәа рыргылара иахьаҿу», – иҳәеит уи.  Азҿлымҳара ду аҳҭоит Башкортосҭантәи ахәыҷқәеи абыргцәеи рзы Аҧсны аҧсшьара мшқәа рзеиҿкаара. Араҟа ашәаҧыџьаҧ даара иҧшӡоуп, аҳауа зҩыдоуп, аҭоурыхтә ҭыҧқәа даара ирацәоуп», – иҳәеит уи.

Башкортосҭантәи аделегациа Аҧсны рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган «Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы Ареспублика Башкортосҭан аекономикатәи аинвестициатәи лшарамч» аӡыргара. Уаҟа иқәгылаз Башкортосҭан Ахада иазгәеиҭеит ари аӡыргара ашьҭахь аилибакаара иҵегьы ишрыбжьало Аҧсни дареи. Уи иажәақәа рыла, Урыстәыла Ахада Владимир Путин даараӡа ахылаҧшра аиҭоит Урыстәылеи Аҧсни реизыҟазаашьақәа рыҿиара. «Ҳара иахьа уи анагӡара ҳаҿуп», – иҳәеит Ради Хабиров.

Аӡыргара мҩаҧигеит Башкортосҭан Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, аекономикатә ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Рустам Муратов. Аӡыргараҿы иазааҭгылан иахьатәи аамҭазы Башкортосҭан иарбан хырхарҭақәоу еиҳа хшыҩзышьра ззыҟарҵо атәы. Иазааҭгылан аекономика, аҵарадырра, акультура аалыҵқәа уҳәа акыр азҵаарақәа. Иахьатәи аамҭазы Башкортосҭан аекономика аганахьала аиҩызаратә усеицура рыбжьоуп 112 тәылеи дареи. 


Ш.Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me