Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»
Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара есааира иахьазҳауа инамаданы, иахәҭоу аинфраструктуратә ҭагылазаашьақәа раԥҵареи рыҿиареи мҩаԥысуеит. «Ҳара ҳреспубликаҿы аус ауеит иашьашәалоу аминистрра, Аԥсны активла аусеицуреи аԥшьгамҭақәеи ирзхиоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада Аԥсны Индиа мҽхакы ҭбаала аусеицуреи хра злоу аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵареи ишазхиоу азгәеиҭеит.