Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

86 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџьа Абираҟ Ҟаԥшь аорден, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрс, АССР Иреиҳаӡоу асовет адепутатс, 1993-2005 шықәсқәа рзы Аԥсны афинансқәа рминистрс аус зуаз Бганба Лили Дыгәыжь-иԥҳа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҳаҩсыз ахәашаҽны зыԥсҭазаара иалҵыз Лили Бганба аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара ихы алаирхәит. Уаанӡа Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз ақәҵарала, Лили Бганба лыԥсыжра аиҿкааразы иаԥҵан аҳәынҭқарратә комисиа. Уи напхгара аиҭон Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Бганба Лили Дыгәыжь-иԥҳа диит Гагра араион Бзыԥ ақыҭан 1937 шықәсазы, Саратовтәи аекономикатә институт далгеит «Аҳасабеилыргаҩ-економист» ҳәа азанааҭ лыманы. 1982 шықәсазы Москва, КПСС Ацентр Комитет аҟны ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа далгеит, СССР Аҳәынҭбанк Аԥснытәи аусҳәарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Лили Бганба 1972-1992 шықәсқәа рзы Аԥсны ахәаахәҭра аминистрс аус луан, 1987 ш. инаркны 1991 шықәсазынӡа асовет-польшатә еиҩызара Аԥснытәи аҟәша дахантәаҩын.
2005 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны «Афинансқәеи акредити» ркафедраҿы арҵаҩы еиҳабыс аус луан. Иланашьан «Аџьа аветеран» амедал.