Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспубликеи ганрацәала ацхыраара рнаҭалоит, арҭ аҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа хатәгәаԥхарала иалырхыз, жәларбжьаратәи азин ала ишьаҭарку Урыстәылахь аинтеграциа адгылара аҭара иацнаҵоит. Абри атәы азгәаҭоуп ахәаша, хәажәкырамза 31 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ишьақәирӷәӷәаз Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика аконцепциа ҿыц аҿы.
Урыстәылатәи Афедерациа иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспубликеи Урыстәыла аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа зыбжьоу аҳәынҭқаррақәа – Евразиатәи Аекономикатә Еидгылара алахәылацәа, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала аконструктивтә политика назыгӡо аҿиара иаҿу аҳәынҭқаррақәа рсоциал-економикатә ҿиара хадара злоу ахшыҩзышьра аҭарала, жәларбжьаратәи рыҿиара адгылара аҭара иазхиоуп.