Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Хамыжә уҽдыр…

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира сынтәа 30 шықәса ахыҵуеит. Аха аибашьраан иҟаз афырхацәа рхыҧхьаӡара еиҳахеит аҭынчра аамҭазы.

«Ар ирнымиаз дхаҵа ҕәҕәоуп» шырҳәо еиҧш, аибашьраан зхы ҧхьазкуаз, зыҧсадгьыл ааныжьны хыхьчара ицаз, ахьанҭарақәа зыхькьымсыз, мамзаргьы , «атрофеи» иаҵаз, шьҭа иахаану маҷуп,аамҭа рацәаны ибжьысит, иргәалашәом ҳәа игәыҕны иҽхәоит «хацәнамырха ишеибашьуаз, рыҧсы ҭины рыҧса­дгьыл шырхьчоз ала». Ус еиҧш иҟоу «афырхацәа» иахьа иаҳҧылоит «ацәгьа-абзиаҿы», аизараҿы, атранспорт аҿы, амҩаду аҿы, ажәакала, зегьын­џьара. Еиҳарак уаҩ изхымго, аӡәырҩы «аибашьра закәу зынӡа иззым­дыруа», машәырк иақәшәар,аибашьраҿы ирыхьызшәа, «ашәҟәқәа еиқәырҽаҽаны», «аибашьра ибжанатәыз» ҳәа аҧара роуеит. Ҳәарада, аӡәырҩы рзы имаӡам, еилкаауп, урҭ хшыҩла «ишыбжоу». Аибашьра аветеран иага ахәра имазаргьы «дуаҩы бжаны» ишьара иашам, «ихы дахәом», «ахәра  имоуп» ҳәа ауп ишрызҳәалатәу.

Рыцҳараны, игха  дуны иҟалаз, иахьа мцла шьоукы рфырхаҵара зхахьы изго ауаа, иаартны, аргама иахьраҳәам ауп.

Шьоукы ари азҵаатәы ианалацәажәо «рхала рхы рдыруазар ауп», – рҳәоит.

Аха, мап, «зхала зхы ззымдыруа» ихы ирдырра шьҭа иаамҭазар ҟалап…

Сгәаанагарала, ҿыц еиҵагыло абиҧара «бжьажьо», «афырхаҵеи» «амцфырхаҵеи» рзеиҩымдраауа, аиаша ахьыҟоу рзеилымкаауа ирызҳар иашам.

Аибашьраҿы ахәра змоукәан, «аибашьра ибжанатәыз» ҳәа аҧара зауа рахьтә, иахьа 20-ҩык шеилыркаахьоу азгәеиҭеит ари азҵаатәы аганахьала ҳара ҳзыдҵаалаз Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ибиуџьеттәым рфонд аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емзар Ашәуа.

Уи иажәақәа рыла, ари аусмҩаҧгатә иацҵахоит.

Еилкаауп, ауаа зегь гәыла ишеиҧшым, абџьар ззышьҭы­мхызгьы, аибашьра злымшаз рахьтә иҟоуп, малла-шьалла шырҳәо еиҧш, зыжәлари зыҧсадгьыли реиқәырхара иацхраауаз, аха ибналаны «хыхьчара» ашәарҭараан зыҧсадгьыл ааныжьны, иқәҵны ицаз «ашәаргәында» ауп ихьӡу, даҽа хьӡык имаӡам. Аибашьраан, амал арҳара иаҿыз, аибашьцәа рышьҭа ихыланы, ақырҭцәа рмал еимҵәаны иаазгоз «чарҳәаҩцәоуп».

Сгәанала, иаамҭоуп досу ихьӡ идыруазар!.. «Ашәаргәындара» аиҳа еицәоуп «аҧхамшьара!..» Рхы рхала идырны «рфырхаҵаратә мҩа» алацәажәара иаҟәымҵыр ираҳәатәуп «Хамыжә уҽдыр!..»


Алиса Гәажә -ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me