Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Есымчыбжьатәи аилацәажәара

Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгараҭареи атәыла Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган афымцамч ахархәара агәаҭаразы амаругақәа раахәара инамаданы аинфраструктуратә кредит иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аизара иалахәыз адырра рылҭеит.

Аҳәынҭқарра Ахада ари аусура арласразы адҵа ҟаиҵеит. Аизара иалахәыз иара убас  иалацәажәеит афымцамч аусхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу, ҷыдала звольт ҳараку афымцацәаҳәа "Аҽгәара" аҟны имҩаԥгоу аусурақәа ртәы. Ҭыԥқәак рҟны аҵла ҳаракқәа иахьрызҳауа иахҟьаны, авольт ацәаҳәақәа шәарҭара рыцуп амахәҭақәа иахьырзааигәахаз азы. Аҳәынҭқарра Ахада  ацәаҳәамҩангагақәа ахьынӡацо ирԥырхагахо аԥыхразы адҵа риҭеит. Уи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура рнапы ианиҵеит ари аус анагӡараҿы ацхыраара алыршаразы.

Иара убас иалацәажәеит «Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҳәаақәҵаразы" азакәанапроект. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы  Лаша Ашәба иҳәеит, адепутатцәа Аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит аҟны икьыԥхьу азакәан апроект шырдыруа. Убри аан, ҳазҭагылоу аамҭазы азакәан апроект Аԥсны Жәлар Реизара ашҟа имнеиӡац.  Аилацәажәараҟны иазааҭгылан амшхәаҧштә аҟны иарбаз егьырҭ азҵаарақәа жәпакы, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Урыстәылатәи аилахәырақәа Аԥсны иахьаҵанакуа ринвестициатә усурақәа ирызку аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра азҵаарақәа, иара убас В. Арӡынба ихьӡ зху аҳаиртә баӷәаза иазку аинвестициатә проект азы аиқәшаҳаҭра.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me