Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Аҿар рыбжьы»

Март мза 30 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы имҩаҧысит аестрада ашәаҳәаҩцәа қәыҧшцәа злахәыз аицлабра «Аҿар рыбжьы».

Ҳара ҳиҿцәа­жәеит уи аиҿкааҩ, шықәсы рацәала ҳажәлар рҟазара, ҳҿар рыла­аӡара иашьҭоу, еиҵагыло абиҧа­рақәа рҟыбаҩ ҷыда еиха­зҳауа Аҧсны зҽаҧ­сазтәыз акультура аусзуҩы Нури Еремеи-иҧа Кәарҷиа.

«22 шы­қәса ҵуеит инеиҧын­кыланы имҩаҧаҳ­гоижьҭеи, ари аицлабра аҧсуа естрада ашәаҳәаҩцәа злахәу. Уи еиднакылон 66-ҩык, урҭ зегьы алҧшааны ауп ишы­нашьҭыз.

Иреиҵыбӡаз ҧшьышықәса лхыҵуан, иреиҳабӡаз 18 шықәса.

Аицлабра мҩаҧысуан ҩымш иалагӡаны. Еихшан ҧшь-гәыҧкны.

Рызегь рҿаҧхьа иқәгылан аҧсуа ашәа анагӡара. Рыцҳарас иҟалаз, ҳаҧҟа­рақәа зегьы ирзына­мыгӡеит, еиҳарак ҳаицлабра иалахәыз атәым милаҭ. Уи зыхҟьаз, иуада­ҩхеит аҧсуа ашәа аҧызҵо рыҧ­шаара», – иҳәеит иара.

Аицлабра амҩаҧгараз иалхын ажиури: Аҧсны жәлар рартист Лиудмила Гәымба, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Омар Сангәлиа, еицыр­дыруа ашәа­ҳәаҩ, амузыка арҵаҩы Манана Братухина.

Амҩаҧгаҩыс дыҟан Инесса Григолиа. Аконцерт программа хацыркын 4 шықәса зхыҵуа Валериа Ҭҳаиҵыкә иналыгӡоз ашәа ала. Уи лҩыза Даниель Џьыкырбеи лареи рҽаҧсартәит I аҩаӡара адиплом. II – аҩаӡара адиплом иаҧсахеит: Мариа Бгьоу, Николь Иванова, Аделина Ажәанба, Альбина Мықәба, Аилин Узун Бекир-оҕлы, Ниа Гогохиа.

III –тәи аҩаӡара адиплом ранашьан: Леон Дарсаниа, Емили Аҩардан, Викториа Амаршьан, Алекса Шамба, Лаура Агрба, Рада Кәаҕәаниа, Амелиа Гогохиа.

Аҧшь-гәыҧк рахьтә иалкаахаз ашәаҳәаҩцәа злахәыз ахыркә­шаратә, гала-концерт мҩаҧган аҵыхә­тәантәи амшазы. Аҧхьахәқәа згаз рызегьы иранашьан, адипломқәа. 29 бал зауз иранашьан 1 аҭыҧ, 26-27 бал змаз – аҩбатәи аҭыҧ,24-25 бал зауыз – ахҧатәи аҭыҧ.

Аноминациа «Дует» аҟны адиплом актәи аҩаӡара рҽаҧсартәит: Валериа Ҵәыџьбеи, Анна Мархә­лиеи, Вероника Ҭаниеи. Ахҧатәи аҩаӡара адиплом ранашьан: Мариам Пертаиаеи, Мариам Чехьериеи.

Аицлабра иалахәыз ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа рнаҩсангьы, арҽхәаҧ­хьыӡтә шәҟәқәа рыҭан урҭ азыҟазҵоз амузыка арҵаҩцәа: Руслан Агәмаа, Анатоли Алҭеиба, Генади Дбар, Аида Маланӡиа, Нила Гергьедаа, Дмитри Ҧиҧиа, Асҭанда Ҭарба, Хьыбла Мықәба, Лика Ҵәыџьба, Манана Братухина, Сариа Кәланба, Фатима Самсониа, Инга Фарафанова, Мариана Фандеева, Ҭамара Церцваӡе.

Аицлабраҿ иреиҳаӡоу аҳамҭа – Гран-при даҧсахеит Рада Нардаиа, ақалақь Очамчыра.

Ҳаицәажәара хыркәшо, Иван Кортуа ихьӡ зху Аҿиаратә центр анапхгаҩы Нури Кәарҷиа иҳәеит: «Ҳаицлабра ахықәкы – аҧсуа ашәа аӡыр­гара, арҿиара ауп, аҟыбаҩ змоу ахәыҷқәа ралҧшаара, аҧсуа бызшәа, аҧсуа ашәа – агәбылра дыркра ауп. Иҳамоуп иааџьоу­шьартә аҟыбаҩ злоу, аха иҳазхом апрофессионалтә ҟазара злоу арҵаҩцәа. Имаҷуп ашәақәа, зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку, ахәыҷқәа рдунеи зныҧшуа.

Агәыҕра ҳамоуп абри ҳаицлабра иацхраап ҳәа. Ашәа зҳәо дыҟамкәа, иаҧызҵо дзыҟалом, рызегь еимада­зароуп, рыжәҩахыр еиды­зароуп».


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me