Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Абарҭ амшқәа, Аԥсныпресс рзы Аҟәа ақалақь аҟны иаатит астолтә ԥкьаҭмпыл азы аклубтә чемпионат I атур.
Уи иалахәхоит 12 командак: «Аҟәа», «ААУ,» «Тҟәарчал», «Очамчыра», «Аҳабла Ҿыц», «Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ», «Гал», «Гагра», «Ауарашршырҭа зауад» «Самырзакан», «Апрогресс», «Арацәаҵхҩы», ҳәа иаанацҳауеит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы аофициалтә саит. Астолтә ԥкьаҭмпыл азы Афедерациа апрезидент, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчаа иажәақәа рыла, аицлабрақәа ф-турк рыла имҩаԥгахоит. «Агәыӷра ҳамоуп ахәмаррақәа ҵыԥх аасҭа еиҳа аинтерес аҵаны имҩаԥысып ҳәа» – абас иҳәеит ачемпионат аартра аан Беслан Қарчаа. Ачемпионат аӡбаҩ хада – Руслан Сариан.