Лаҵара 13, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәа араион – ахатәы герб

Аԥсныпресс. Аҟәа араионтә Еизара адепутатцәа араион аофициалтә герб шьақәды­рӷәӷәеит. Агерб автор – аилатәара ахь ааԥхьара зырҭаз асахьа­ҭыхыҩ Баҭал Џьопуа.

«Аԥсны араионқәа зегьы рхатәы герб рымоуп, ҳара ҳраион ауп иахьа уажәра­анӡа уи змамыз. Сара сгәанагарала, агерб – ари араион аҭоурых-культуратә ҭынха аазырԥшуа символуп. Даара аҵак ду змоу усура мҩаԥган. Хазы ҷыдала иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп агерб автор, асахьаҭыхҩы Баҭал Џьопуа», – ҳәа иҳәеит аилатәара зхы алазырхәыз Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа. Адепутатцәа рыхәаԥшит ирыдгалаз агерб авариантқәа хԥа, анаҩс ашьақәырӷәӷәаразы иалырхит агерб авариант «Гәыма». Аизара ахантәаҩы Валери Смыр иалхыз асимволика инагӡаны араион ахаҿра аанарԥшуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me