Лаҵара 12, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Амҩаҿ аҧҟарақәа рықәныҟәаразы

Ааигәа ахәыҷбаҳча «Аҟарма­ҵыс» аҟны имҩаҧган иаарту ақалақьтә зыҟаҵара, уи азкын аиҳабы­ратә гәыҧ злахәыз «Амҩаҿ аҧҟарақәа» деилыркаара.

Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аспециалист хада Аза Кәарҷиа азыҟаҵара хацыркхаанӡа даза­аҭгылеит, ари апрограмма ишарбоу еиҧш ақәныҟәара шахәҭоу. Убасгьы инаҵшьны илҳәеит. «Абас еиҧш иҟоу азыҟаҵа­рақәа ҧшьышықәса ҵуеит еиҿкааны иҳамо­уижьҭеи, аха ишдыру еиҧш, адунеи зегьы зымҽхазкыз аҿкы чмазара иҳалаҵәаз иахҟьаны аамҭала иаанкылан, уажәы ҳусура иацаҳҵеит». Дазааҭгылеит хәыҷбаҳча­цыҧхьаӡа ишеиҿкаахо атәы. Абас еиҧш иҟоу аимадара иабзоураны ахәыҷ­баҳча аусураҿы даараӡа алҵшәа амоуп ҳәа иазырҧ­хьаӡоит аҵара-ааӡаратә процесс иалахәу.

Ашьҭахь ажәа рыҭан, ахәыҷ­баҳча аиҳабы Аида Аршба, аметодист Индира Базба. Даара гәахәарала ирыдыркылеит ақалақь иахыҧхьаӡалоу жәаха хәыҷбаҳча ааӡаҩцәа, аметодистцәа ахьым­ҩахыҵыз аҧышәа аимдаразы, уи крызҵазкуа усуп ҳәа иазырҧ­хьаӡоит. «Ҳара ҳхәыҷ­баҳчаҿы азыҟаҵа­рақәа ҩба мҩаҧ­гахоит: «Амҩатә ҧҟарақәа», анаҩс алогопед Ирма Қацәба лзыҟаҵара ашьҭыбжь «л» ашьақәы­ргылара атемала», –лҳәеит лцәажәара харҭәаауа, аметодист хада. Убасгьы ахәыҷбаҳча «Аҟармаҵыс» иаҭааит амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа: Алиса Амҷба, Лана Габлиа.

Ааӡаҩ Алиса Џьопуа лҽазылкит лзыҟаҵара, ахәыҷқәа рахь дынхьаҧшны илҳәеит, ҳахьынхо ақалақь Аҟәа есымша ишымҩасуа еиуеиҧшым амашьынақәа. Лара дазааҭгылеит шьапыла иныҟәо ауааҧсыреи аҧсҟы зкуи дара-дара шеиҧырхагам, избанзар амҩатә ҧҟарақәа ихьрықәныҟәо азы. Ашьҭахь азыҟаҵара иацҵауа, ааӡаҩ ахәыҷқәа рахь илымоу азҵаарақәа еилыкка аҭак ҟарҵон. Дара ирҳәеит ауаҩы азин ахьимоу амҩа аихҵәара ахьыҟало – ашьаҟамҩа шацу, убасгьы алашарбага ишамоу х-ҧшшәык, иазааҭгылан урҭ доусы ирыҵанакуа: аҟаҧшь – аныҟәара шыҟамло, аҩежь еснагь – агәҽанызаара, аҧшра шаҭаху, аеҵәа – шәахьцалакгьы шәымҩа аартуп.

Абас еиҧш иҟоу азыҟаҵара ааӡаҩцәа ирнаҭаз рацәан. Анаҩс, алогопед Ирма Қацәба лзыҟаҵара ашьҭыбжь «с» ашьақәыргылара атемала имҩаҧылгеит. Араҟа лара лзыҟаҵара еихышәшәо ицон, аҧсыҧлагаҩагара ҭаалым, артикулиациатә ҭаалым, ацыра аус адулара, ашьҭыбжь «л» аҧшаара. Алогопед Наида Леиба лажәақәа рыла, араҟа методикала жә-пунктк иарбаз зегьы ишахәҭоу дықәныҟәеит, насгьы лцәажәараан иазгәалҭеит ацхыраагӡа еиқәзыршәаз лусушьа алҵшәа хымҧада ишеиҿкаахо атәы. Лцәажәара хыркәшауа, Наида Леиба ааӡаҩцәа ираб­жьылгеит дара рыхәҭақәа рҿы ишрылшо артикулиациа ҭаалым ада, еиуеиҧшым егьырҭ аҭаалымқәа рымҩа­ҧгара.


Сабина Мархолиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me