Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Азакәан – зегь раԥхьа

Аминистрцәа Реилазаараҿы аԥшьашаҽны имҩаԥысит Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аусӡбарҭақәа еҿыркааижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатә. Аиубилеи азгәаҭаразы Аҟәаҟа иааит Урыстәылеи Аахыҵ-Уаԥстәылеи Иреиҳаӡоу русӡбарҭақәа рхаҭарнакцәа рделегациа.

Аиԥылара аартуа, Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Ахантәаҩы Саида Быҭәба аусӡбарҭақәа русзуҩцәеи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит, дрылацәажәеит аусӡбарҭақәа реиҿкаара амҩақәа, дазааҭгылеит ҳазну аамҭазы аусӡбаратә система аҭагылазаашьа, иалылкааит ԥхьаҟатәи апланқәа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Ахантәаҩы иазгәалҭеит, 100 шықәса рыҩнуҵҟала аусӡбарҭақәа зегьы иуадаҩыз аԥышәарақәа ишырхысыз. Уи ианыԥшит 1923 шықәсазы аусӡбарҭақәа иаку рсистема аԥҵара, 1931 шықәсазы ареспублика аполитиказинтә статус аԥсахра, 1990 шықәсазы ихьыԥшым аусӡбарҭа ацәырҵра, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә усӡбарҭақәа рганахьала ахылаԥшра ҷыда змамыз, 1994 шықәсазы Аконституциа адкылара. Уаҟа ишьақәырӷәӷәан азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, аусӡбаратә ҳәа амчрақәа реизшара апринцип.

Ҳаамҭазы, Быҭәба лажәақәа рыла, автоматизациала еибарку аусӡбара-информациатә система (АСИС) аларҵәарала азинусӡбара цифрала аиԥшьра иаҿуп.

«Ҳазну аамҭазы иазгәаҭоуп АСИС-и азеиԥш иурисдикциа аусӡбарҭақәа рсаитқәеи реимадара», – иазгәалҭеит лара.

Аусӡбарҭақәа рветеранцәеи русзуҩцәеи дрыдныҳәалауа, Быҭәба иазгәалҭеит: «Аусӡбарҭақәа рыҟазаара аамҭала ирыхьчон атәылауаа рзинқәа, раҳаҭыр, рзакәантә интересқәа. Сара сеигәырӷьоит абри азал аҟны иахьызбо еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа анапхгаҩцәа рҭаацәарақәа. Аусӡбаратә система арҿиараҿы хәы змаӡам алагаламҭа ҟарҵеит Мирон Шамба, Шамил Лакоба, Шалуа Аршба, Мџьыҭ Аргәын, Рауф Коруа, Даҭикәа Ҟәырасқәуа, Анри Џьергениа реиԥш иҟаз аиуристцәа. Урҭ рыхьӡ наунагӡа ҳҳәынҭқарра аҭоурых иагәылаҩуп. Абри аныҳәа аҽны гәык-ԥсыкала ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа анапхгаҩцәас иҟаз Георги Колбаиа, Алла Аҩӡба, Роман Мышәба, Зураб Агәмаа», – лҳәеит лара.

Аԥсны Жәлар Аизара Аиҳабы Лаша Ашәба иара убас атәыла аусӡбаҩцәа реилазаара риубилеи рыдиныҳәалеит, иҳәеит ари аӡбаҩцәа реилазаареи аҳәынҭқарреи рзы хҭыс шьахәны ишыҟоу, иаҵишьит Жәлар Реизара адепутатцәа ахәшьара ҳаракы шарҭауа аусӡбарҭақәа рколлективқәа аус рыцура.

Аахыҵ-Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы лыхьӡала иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аахыҵ-Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Витали Џьиоев.

Урыстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Адисциплинартә коллегиа ахантәаҩы Сергеи Рудаков даԥхьеит Урыстәылатәи Афедерациа Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Виачеслав Лебедев иааишьҭыз адныҳәалара. Ахәҭакахьала, уаҟа иазгәаҭоуп: «Ииасыз ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Аԥсны инагӡоуп аусӡбарҭақәа русура аиӷьтәра иазку аусмҩаԥгатәқәа жәпакы. Ҳҳәынҭқаррақәа русӡбаратә системақәа лҵшәабзиала русеицура ҳаԥхьаҟагьы иӷәӷәахалоит».

Урыстәылатәи Афедерациа аусӡбаҩцәа Рхеилак ахантәаҩы, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Апленум амаӡаныҟәгаҩ, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбаҩ Виктор Момотов иқәгылараҿы иазгәеиҭеит: «Аԥсны аусӡбаратә система ашьақәгылара мҩаԥысуан даара иуадаҩыз аамҭақәа раан. Ииасыз жәашықәса рыҩнуҵҟала Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аусзуҩцәа азакәанрҿиаратә, азинхархәаратә усура аганахьала аԥышәа ду дырҳаит. Ҳақәгәыӷуеит ҳаԥхьаҟагьы лҵшәабзиала аусеицура».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me