Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәлар рпоет дыргәаладыршәеит

Маи жәаҩа рзы Аҧсны жәлар рпоет, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 106 шықәса ҵит.

Абри арыцхә аҳаҭыр азы, есышықәса традициала ишаҧу еиҧш, Аҟәа жәлар рпоет анышә дахьамадоу – ихьӡ зху апарк аҟны игылоу ибаҟахьы инеит Аҧсны аиҳабыра, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аинтеллигенциа, акультуреи аҟазареи рхаҭарнакцәа, астудентцәа, хыҧхьаӡара рацәала ашколхәыҷқәа.

Баграт Шьынқәба ибаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵарахь инеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҧсны Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, афинансқәа рмнистр, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Владимир Делба, Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, ашколхәыҷқәа.

Баграт Шьынқәба игәалашәара иазкыз амитинг ааиртит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу.  Уи дазааҭгылеит жәлар рпоет аҧсуа милаҭтә литература арҿиараҿы илагала ду, ипоезиатә рҿиамҭақәеи ипрозатә ҩымҭақәеи рыла иширбеиаз, ишеихеиҳаз, иҩымҭақәа рыла, Аҧсны еиҧш, анҭыҵ ишӡыригаз ҳажәлар  рдоуҳа, изнысхьоу амҩа, даҽакы иаламҩашьо рдунеи.

Анаҩс Б.Шьынқәба иажәеинраалақәа ирыҧхьеит: апоет Анатоли Лагәлаа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа Елана Чхеиӡе, Мадина Амҷба, Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратәи ашкол аҵаҩцәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me