Мшаҧы 27, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аделегациа рԥылара

Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба дырԥылеит аусӡбарҭақәа 100 шықәса рхыҵра иазкны иааз Урыстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аделегациа.

Аделегациа иалоуп: Урыстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Адисциплинартә колегиа ахантәаҩы Сергеи Рудаков, Урыстәылатәи Афедерациа аӡбаҩцәа Рхеилак ахантәаҩы, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа Апленум амаӡаныҟәгаҩ, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аӡбаҩ Виктор Момотов.

Аԥсны аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы актәи лхаҭыԥуаҩ Сафарбеи Мқанба, Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ Ада Касланӡиа.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, аиԥылара аартуа асасцәа дрыдныҳәалеит: «Даара ҳаигәырӷьоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭаҿы шәбара. Даара ҳгәы иахәоит, ҳаҭыр ақәаҳҵоит иаҳҩызоу аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аҟнытә ҳҩызцәа ахьааиз».

Сергеи Рудаков асасдкыларазы ҭабуп иҳәеит: «Ҳаигәырӷьоит шәреспублика шьахә аҟны ҳахьыҟоу. Иаҳҭахуп ишәаҳҳәарц ҳашшәыдгылауа, ҳаҭыр шшәықәаҳҵауа. Ҳгәыӷуеит ҳаԥхьаҟагьы лыҵшәабзиала аус еицааулап ҳәа».

Виктор Момотов иара убас иҳәеит: «Агәахәара ҳнаҭоит шәиубилеи ҳхы ахьалаҳархәуа. Шәышықәсала ишьақәгылон Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реиҩызара. Сгәы иаанагоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа 100 шықәса ахыҵра ныҳәак аиԥш иахьазгәашәҭауа». 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me