Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Атәанчахәытә фонд – Аиааира аламҭалаз

 

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аиааира амш 30 шықәса ахыҵра аламҭалаз, аибашьраҿ иҭахаз рҭаацәарақәа Атәанчахәытә фонд амчала ирызшәахоит зныктәи аҧаратә ҳамҭа 20 нызқь мааҭ.

Ҳара ҳиҿцәажәеит афонд анапхгаҩы Денис Гәлариа. Иара иазгәеиҭеит: ари аҧара хаҭала атәанчахәытә фонд аҟнытә ишоужьу. Иҭахаз рҭаацәарақәа анаҳҳәо, уахь иаҵанакуеит, иҭахаз иан, иаб, иҧшәма ҧҳәыс, ихәыҷқәа – 18 шықәса ирҭымсыц,насгьы аҩнаҭаҿы дыҟазар ахымхәа, ачымазаҩ. Аиашьа, аиаҳәшьа уахь иаҵанакӡом.

Уи роуеит 4 категориак: 1. Иҭахаз рҭаацәа, атәанчахәы зауа. 2. Зхатәгәаҧхарала иааны иҳацеибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа. 3. 1993 шықәса октиабр инаркны декабр 1994 шықәса рзынӡа иҭахаз рҭаацәа. 4. Аинвалидра змоу иҭахаз рҭаацәа. Денис Гәлариа иҳәеит иара убас дара рыбзоурала, ианвар мза 2024 шықәса нахыс ртәанчахәқәа шышьҭыҵуа 2000 мааҭ рыла 11 категориа ирыҵаркуа атәанчаҩцәа. Урҭ рхыҧхьаӡара наӡоит 5 174-ҩык рҿынӡа.

Уажәазы Аиааира 30 шықәса ахыҵразы аҧара ззыршәо рхыҧхьаӡара 1150-ҩык ыҟоуп. Иааидкыланы зегьы иартәоит 23 миллион мааҭ.

– Сара сзы ихадоуп аҳәара,апроблема алацәажәара инаҷыданы аус анагӡара ҳәа азгәеиҭеит афонд анапхгаҩы Денис Гәлариа ҳаиҿцәажәара хыркәшо. «Иҵабыргны, ирацәаҩуп атәанчахәы зыбзазашьа ахьыҧшу ҳуааҧсыра. Маҷк иадамхаргьы уи аиҕьтәра алыршахар иҳақуп ҳәа иазаҳаҧхьаӡоит», – иҳәеит уи.


Наира Сабекиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me