Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аигәныҩра аҳәаақәа

Аҧсны имҩаҧысуан «Аурыс культура амшқәа». Аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан Аҧсны акультура аминистрра ахаҵгыларала.

Афестиваль еиднакылеит  апоетцәа, апрозаикцәа, ажурналистцәа, асахьаҭыхҩцәа, акультура  аусзуҩцәа. Урыстәылантәи иааз арҿиаҩцәа ргәыҧ напхгара алҭон Москватәи ажурнал «Литературные знакомства» аредактор хада  Лола Звонарева.

Асасцәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан еиуеиҧшым арҿиаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа: Урыстәыла  ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩ Павел  Крениов, ашәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи Камиль  Зиганшин, Нурислан Ибрагимов, Игор Елисеев, Ирина Леонова, Игор Савкин, Иван Званарев, Елена  Мушникова.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҧыларақәа еиҿкаан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә  университети, И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотекеи рҟны.

Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧгаз астол гьежь акәзар, даара азҿлымҳара бзиа аиуит. Уи иалахәын асасцәеи аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи. Агәаанагарақәа реибыҳәара ашьҭахь иӡырган алитературатә журнал. Литературные знакомства». Уи машәырны иҟамлаӡеит. Аҭыжьымҭа ахәҭак аҧсуа поетцәеи апрозаикцәеи рҩымҭақәа рыла еиқәыршәоуп, егьахьӡуп «Абхазская литературная тетрадь».

Ажурнал иагәылалеит апоетцәа: Мушьни Лашәриа, Геннади Аламиа, Вахтанг Аҧҳазоу, Владимир Занҭариа, Валери Касланӡиа, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкә, ашәҟәыҩҩы Даур Наҷҟьебиа аурысшәахь еиҭагоу рҩымҭақәа, иара убас урысшәала иҩуа: Владимир Делба, Надежда Венедиктова, Георги Зильфов, Леила  Пачулиа, Руслан Ҭарба, Денис Чачхалиа, Витали Шариа, Ибрагим Ҷкадуа, Ричард Ҷкадуа, Лилиана Иаковлева рырҿиамҭақәа.

Аҭыжьымҭа аӡыргараан иалацәажәан уи  аиқәыршәашьа шымҩаҧысуаз, насгьы авторцәа  рыцҧхьаӡа рнапаҿы ирыҭан.

«Ашәҟәыҩҩцәа руснагӡатәқәа ируакуп акультурақәа реигәныҩра алыршара. Сара 15 шықәса ҵуеит ажурнал напхгара асҭоижьҭеи. Ҳара еснагь ҳҽазаҳшәоит алитература аҳәаақәа рырҭбаара», – лҳәеит Л.Звонарева. Абри ахшыҩҵак  иацҵауа иазгәалҭеит аимадарақәа рырҿиара  ишазааҧсало.

Ҵабыргны,  акультурақәа реиҿкаара еснагь   хәарҭара алоуп. Абри ус шакәу дырҵабыргит афестиваль акәша-мыкәша имҩаҧысыз аиҧыларақәа.

Асасцәа рҧыларақәа еиҿкаан: агазеҭ «Республика Абхазия» аредакциаҿы, Очамчыреи Гәылрыҧшьи рбиблиотекақәа рҟны, Аҟәа, «Дом Москвы» аҟны акәзар, иаартын  Наталиа  Баженова лусумҭақәа рцәыргақәҵа. 


В.Ацанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me