Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Исыхьчон сыдгьыл, исыхьчон сҭаацәа

Аҭоурых шьықәгылоуп ахьыӡқәа рыла, ауаа роуп иара зхылҿиаауа, наунагӡа хашҭра ақәымкәан иҟазҵо. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҵҩа рымам  иҿырҧшыгоу ахҭысқәа.

Аҭынч ҧсҭазаараҿы «ашьац ҟьацырҳәа ишәаны иқәымгыло» ҳәа аҧсуаа иззырҳәоз ауаа  ифырхацәаны, агәаҕьра ду аазырҧшуа уааны рхы анаадырҧшуа. Урҭ дреиуоуп  иахьатәи сфырхаҵа Земфира Кәыҵниаҧҳа. Земфира Кәыҵниаҧҳа диит Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Ф-ҩык ахшара иахьрызҳауаз аҭаацәараҿы аччаҧшь еихсыҕьӡомызт, лафҳәаран, шәаҳәаран-аҭаацәара ду аџьџьаҳәа еилан. Ҧшьҩы-аҧацәеи, ҩыџьа аҭыҧҳацәеи рҭаацәа иргәадураны ирызҳауан. Ани аби ракәзар рымчи рылшеи иамеигӡеит ирыхшаз иахәҭоу аҵара рҵарц, анаҩс иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгарц азы.

Земфира, дхәыҷы аахыс  лхы ззылкырц илҭахыз амедицина акәын, лара лзы акыр аҵанакуан ауаа реиқәырхара, рыхәшәтәра. Убри аҟынтә  дҭалеит Шәачатәи амедицинатә коллеџь, дагьалгоит  афельдшер иазыҟаҵара лыманы. Аамҭак азы Шәачатәи ахәышәтәырҭаҿы аус луан, анаҩс Аҟәатәи ареспубликатә хәышәтәырҭахьы диасуеит, аибашьра алгамҭазҵәҟьа диасуеит арратә санаториа ашҟа медиаҳәшьас. «Аҧсҭазаара ықәҳа ицон. Ақырҭқәеи аҧсуааи  реиҿагылара еиҳау акахьы ишкылсуа атәы иалацәажәон, аха аҵыхәтәанынӡа агәрагара уадаҩын аибашьра иалагаҵәҟьоит ҳәа» азгәалҭоит аветеран.

Земфира лҭаацәа еснагь Аҧсны амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧара агәҭаны игылан. Лхаҭагьы ҧшьынҩажәи жәба шықәсазтәи ахҭысқәа дрылахәын,  изныкымкәа амитингқәа рҿгьы дықәгылахьан.

Аибашьра ианалагаз аҽны ҳфырҧҳәызба ахәышәтәырҭаҿы дҷаҧшьон. «Атанкқәа ргәыргәырбжьы гон, аха аибашьра иалагеит ҳәа ҳхахьгьы иааиуамызт, изакәу зыбжьы го ҳзеилымкаауа ҳгачамкны ҳаҟан. Анаҩс атанкқәа роуп  зыбжьы го ҳәа ажәабжь аарылаҩҩит ауаа. «Атанкқәа ааит ҳәа слымҳа ианааҭас нахыс издыруан ари шеибашьроу. Иааз хықәкыс аихамҩа ахьчара шакәым ирымоу. Ус иагьыҟалеит, аамҭа кьаҿк анаҩс иалагоит ахәышәтәырҭа азааигәара абомбақәа ркаҳара. Еибашьраӡам ҳәа иқәгылаз аус ҳацызуаз ақырҭқәагьы уажәшьҭа уаҳа рыбжьы ҳаҳаӡомызт» лҳәоит аветеран Земфира Кәыҵниа.

Земфира Аҟәа даанхеит, лҭаацәа  ақыҭараҿы, рхабар ахьылзымдыруаз уамакла игәхьаалгон, акы рыхьыр ҳәа дшәон. Аибашьра цоижьҭе мчыбжьык ҵуан Земфира Аҟәа далҵны Аҭараҟа дцартәеиҧш алшара анлоуз. Аҩныҟа игьежьыз аҭыҧҳа лашьцәа еибашьра ицахьан. Лашьеиҵбы – Баҭал Кәыҵниа, Беслан Квираиа командаҟаҵаҩыс  дызмаз Аӡҩыбжьатәи абаталион далан. Земфира лашьцәа ҭахар ҳәа дшәон, еилылкаауан, иахьыҟоу ирлахьынҵоу лзымдыруа акраамҭа дышзымтәо, иагьылыӡбоит афронт ахь ацара. Абас иалагоит Земфира Кәыҵниа леибашьратә мҩа.

«Сара аибашьра сызцаз сашьцәа реиқәырхаразы ауп» – лҳәоит лара. Земфира дааннеи ашьҭахь абаталион ахь иаауеит арратә медиаҳәшьцәа Виолетта Кәыҵниаҧҳа, Инга Миркатиа, Марина Ҷанҧҳа, еиҩызцәахаз ҧшьҩык аҭыҧҳацәа ргәы еибарҕәҕәон, гәкаҳара рибаҭомызт.

 «Исгәалашәоит уи ашықәсан ахьҭа ҕәҕәан, даара иуадаҩын аибашьра. Аха, даҽаганкахьала асы ахьықәжьыз аҳаракырақәа рахь изхалаӡомызт аҕацәа ркәылӡтәы техника. Маҷк иадымхаргьы уи аҧсшьаразы алшара ҳанаҭон» лҳәоит  аибашьҩы. Аӡынра ашьҭахь бџьарла ҳҽеиқәҳаршәахьан. Аҕацәа имаҷымкәа абџьари аџьыҧҳани, акәылӡтәы техникеи рцәаҳгахьан. Сара сеибашьуан Беслан Кәыҵниа командаҟаҵаҩыс дызмаз Аҭаратәи абаталион саланы. Аамҭак азы Аҭаратәи Аӡҩыбжьатәи абаталионқәа еидҵан, урҭ напхгара риҭон Беслан Квираиа. Уи дынҭаха ашьҭахь Аӡҩыбжьатәи абаталион напхгара аиҭон Рауль Муцба.  Аҭаратәи абаталион аибашьцәа хыцәнамырха ахы иаҿагылан ақыҭақәа Аӡҩыбжьа, Ахалдаба, Аныуаа рхәы ҳәа изышьҭоу аҳаракыра рҭарцәразы.

Земфира Кәыҵниа лгәалашәараҿы зегь раасҭа ихьанҭоу акәны иаанхоит Ҧанган ихәы аҳаракыра аныргозтәи ахҭысқәа. Ари аҳаракыра анаҩс иҟан Кындыҕтәи аҧсаатәааӡарҭа. Уи иахьаҵанакуа аҭыҧқәа рҿы аиҿагылара ҕәҕәақәа цон. Аҧсуа еибашьцәа ракәзар, ишҭахо рдыруазаргьы ахьаҵра рхы иаҭәаршьомызт. Ицон ҧхьаҟа рыҧсадгьыл ахьӡ ҳәаны, ҳбираҟ ианықәны.

 «Кындыҕтәи аҧсаатәааӡарҭа анаҳгоз иҭахеит быжьҩык ҳбаталион аҟынтәи. Усҟан ауп данҭаха акомандаҟаҵаҩы Беслан Квираиагьы. Иҭахаз зегьы ҩнык аҟны ишьҭан. Шәазхәыц аиҿахысра иалыргаз аҧсцәа рҭагылазаашьа…ауха зегьы сара схалазаҵәык срыдтәалан. Усҟан агәырҩа убриаҟара сбылны саман ашәашьа схашҭит, аха иахьа уи аҵх анысгәалашәо схәысжьы еилагылоит» лҳәоит Земфира Кәыҵниа. Афырҧҳәызба лажәақәа рыла сааҭк аҧхьа иуҿаччоз ауаҩы уажәшьҭа дшыҟам  агәрагара уамакала иуадаҩуп. Ауаҩы еиҳау амал ыҟаӡам, ауаҩы иҧсҭазаара аҟара ахә змоугьы ыҟамзар ауп, лҳәоит аветеран.

Аибашьра амца иалҵыз, Агәымшәаразы амедал занашьоу афырҧҳәызба иазгәалҭоит аибашьра зхызгаз дарбанзаалакгьы изы еснагь аҭынчра еиҳау акгьы шыҟам. «Ауаа, ажәларқәа зегьы ирзеиҕьасшьо акызаҵәык ауп, аҭынч ҧсҭазааразы, аҭынч бзазаразы алшара» лҳәеит лажәа хыркәшо аҧсадгьыл ахьчаҩ.


Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me