Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

«Риҵа арифмақәа»

Аҧсны Акультура аминистрра ахаҵгыларала сентиабр 16-17 рзы Аҧсны имҩаҧысит аҧсуа-адыга фестиваль «Риҵа арифмақәа». Афестиваль хацыркын 2018 шықәса рзы. Уи шьҭа традицианы ишьақәгылеит. Аханатә аҧшьгаҩыс дамоуп аҟабарда поет, адраматург, ажурналист, ауаажәларратә усзуҩы Зарина Ҟаныҟәа.

Сынтәа афестиваль амҽхак аҽарҭбааит, Ҟабарда-Балкартәылантә еиҧш, Аҧсныҟа иааит Адыгатәылеи Черқьестәылеи рҟнытә арҿиаҩцәа, ажурналистцәа. Ҳәарада, хықәкыс иамоу ҳашьцәа адыга жәларқәеи Аҧсни реимадарала адоуҳатә культура арҿиареи алитературақәа реигәныҩреи, реизааигәатәреи роуп. Убри шьақәнарҕәҕәоит афестиваль есааира аҳәаақәа аҽахьарҭбаауа.

Раҧхьатәи амш аан аҧшәмацәа рыцны асасцәа ыҟан Д.И. Гәлиа имемориалтә музеи аҟны. Араҟа урҭ ирзеиҭаҳәан аҧсуа литература ашьаҭаркҩы иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи. Уи нахыс Аҟәа аҭыҧ ҧшӡарақәа ирҭааит.

Аҽны С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр афое аҟны иаартын афестиваль «Риҵа арифмақәа».

Аиқәшәарахь инеит аҧсуа поетцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи  русзуҩцәа, аҿар, астудентцәа. Аусмҩаҧгатә аартуа Зарина Ҟаныҟәа дазааҭгылеит «Риҵа арифмақәа» знысхьоу амҩа, аҧхьаҟагьы ишацҵахо еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рыла.

Аиҧылара мҩаҧыргон Зарина Ҟаныҟәаи апоет Дмитри Габалиеи.

Сынтәатәи афестиваль аҟабарда поет, аҵарауаҩ, еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩы Заур Налоев диижьҭеи 95 ш. аҵра иазкын.

Аҧсуа-адыга литературатә еимадарақәа ирзааҭгылауа, насгьы Заур Налоев ҳаешьаратә жәларқәа ацҳа рыбжьаҵараҿы илагала ду азгәарҭеит: апоетцәа Геннади Аламиа, Владимир Занҭариа, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, Аҧсны асахьаҭыхцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа уҳәа егьырҭгьы.

Адыга, ачерқьес, аҟабарда поетцәа рыҧхьеит рхатәы жәеинраалақәа.

Аҧсуа-адыга фестиваль «Риҵа арифмақәа» адипломқәа ранашьан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу апоет ҿа Абзагә Аҟалҕьба (уи днаҧхьахоит Нальчик имҩаҧысраны иҟоу апоезиа афестиваль ахь), иара убас апрозаик ҿа Шьазина Бганба.

Аиқәшәара иалахәыз Аҧсны атәылахьчара аминистрс иҟаз Сулҭан Сосналиев иҧшәмаҧҳәыс  Лиубов Сосналиева (аханатә дырҕьажәҩаны Зарина Ҟаныҟәа илывагылоу) лықәгылараан иазгәалҭеит: «ас еиҧш иҟоу аиҧыларақәа акырӡа рыҵаркуеит, избанзар хықәкыс ирымоу аешьаратә жәларқәа реизааигәатәра ауп».

Ахәылҧаз дырҧшӡеит аҭыҧҳацәа рансамбль «Гәында» иалоу артистцәа инарыгӡоз ашәақәа рыла.

 Адырҩаҽны, сентиабр 17 рзы афестиваль иацҵан аӡиа Риҵа. Араҟа еиҳагьы азҿлымҳара бзиа аманы имҩаҧысит. Ашьха аҧсабара иҭалаҳау аӡиа Риҵа  ихыхәхәала инеиуаз анышь иақәтәаны иахьылеиҩеиуаз аҳауа зҩыда ирнаҭоз агәацҧыҳәара рзацын поетцәа. Иџьашьахәыз дунеик иаҭааз  апоетцәа: Владимир Занҭариа, Гунда Сақаниа, Дмитрии Габалиа реиҧш, рхатәы жәеинраалақәа ирыҧхьеит адыга, ачерқьес, аҟабарда поетцәа. Аҧсуа дгьыл иқәыҩуан аҧсшәеи, адыгеи, ачерқьеси, аҟабардеи бызшәақәа. Ҵабыргны, абас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа аешьаратә жәларқәа реидгылара дырҕәҕәоит, анархагьы рымазаауеит.

Абасала ихыркәшан аҧсуа-адыга фестиваль «Риҵа арифмақәа».


В.Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me