Сан - сыԥсадгьыл

Сентиабр 30 хақәиҭра мшуп. Абри аҽны ҳаибашьцәа Аҟәа ахы иақәиҭтәны Аиааира абираҟ шәыршәыруа ишырхагылаз Егры ахықәанӡа инаӡеит, иранарыжьызҭгьы урҭ Гыртәылагьы дыршьаҳаиҭуан, Қәҭешьгьы иагәаладыршәон анкьатәи аҳҭынра аамҭа.

Аха аԥҟарақәа еиламгакәа ҳаибашьцәа Аԥсны мрагыларатәи аҳәааҿы иаангылеит. Егри Ԥсоуи рыбжьара шықәсыки ҩымзи еилашуаз аибашьра ааиқәтәеит. Иҿыхуп ҳаԥсадгьыл аԥсы, зқьҩыла иҭахаз аҵеицәа шәшьацқьала. Џьанаҭ гыларҭас ишәоуааит. Сыԥсы ахьынӡаҭоу шәыхьыӡ санықәлоит, сыԥсы ахьынӡаҭоу шәажәахә сҳәалоит, иашьҭанеиуа абиԥарақәа шәбаҟаҿы ишьҭарҵалоит ашәҭ шьыҵәрақәа. Ҳшәышықәса анҵәамҭа зырхыџхыџуа сдауаԥшьқәа, шәфырхаҵара наунагӡа иаҳнаҭалоит ахьӡ-аԥша, шәкәылӡтәы-баагәараны шәакәыршоуп шәшьам хәыҷ. Адунеи аҿы уаҳа еиҿамгылароуп абасеиԥш мчылеи, хыԥхьаӡаралеи, еибашьыгалеи еиҟарам ажәларқәа. Аԥсуа еибашьра ҿырԥшыган иҟалоит, аԥсуа иааира феноментә иааираны иахцәажәалоит, ҳара иахьа уажәраанӡагьы, ахара ҳҭоурыхи, ҳаԥсадгьыли рҵага шәҟәны ирзыҟалоит. Абас иҟоуп аԥсҭазаара. Ижәдыруаз амдырқәа ауаҩы иԥси идгьыли еиҟәыҭхашьа шрымам. Уи иара иҳауоуп, уи даласоуп, уи далаӡҩоуп, уи ада ԥсыхәа имаӡам. Баша иҳәоума – Сан – Сыԥсадгьыл.

Амчгьы абџьаргьы зегь ԥсыҽуп анцәа иҿаԥхьа. Анцәа дҳацуп ҳарҭ!


Лиолиа Тәанԥҳа

 (Аизга «Сышьҭа» аҟнытә)

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me