Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Женеватәи аиҿцәажәарақәа

2023 шықәса октиабр 16, Аԥсныпресс. Октиабр 15 рзы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа хацыркижьҭеи  15 шықәса ҵит. 

 «Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа азҵаара хадақәа иреиуоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргылара.

Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2009 шықәса раахыс. Иахьазы ароуп Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо. Бжьаҟазацәаны иалахәуп Урыстәыла, Еидгыло Америкатәи Аштатқәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ООН), Европатәи атәылақәа Реидгыла (ЕС),  Европатәи атәылақәа Реидгыла ашәарҭадаразы Аиҿкаара (ОБСЕ)  рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа.

 2009 шықәса инаркны Ареспубликааҿы иара убас аус руеит Аинцидентқәа анырра рыҭареи аԥхьырҟәҟәаареи рзы Амеханизмқәа (МПРИ). Иарбоу аструктура арегион аҿы ӷәӷәала аибарххарақәа рацәыхьчара иазкны хаҳарала аус зуа, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҭышәынтәаларазы жәларбжьаратәи аусеицура хра злоу ҿырԥшыганы иҟоу   еиҿкаароуп», - ҳәа Telegram-канал аҿы иҩит Урыстәылатәи Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилак ахантәаҩы Григори Карасин.

«Акыр аҵанакуеит, аиԥыларақәа рмеханизм иахьа, иуадаҩу аҭагылазаашьаақәа раангьы аусура ахьацҵахо. Уи жәларбжьаратәи аусқәа рыӡбараҿы акыр хра злоу цәырҵраны иҟоуп. Убасала еиуеиԥшым асанкциақәеи наҟ-ааҟтәи аицәымӷреи аизыҟазаашьақәа реибарххареи  рмыцхәрас хра злоу альтернатива ацәырҵра шзалыршахо умбар залшом!», –  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Григори Карасин. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа  арегион аҿы аҭагылазаашьа аԥҵара алыршара, иара убас Аԥсни, Аахыҵ-Уԥстәылеи Қырҭтәылеи ишиашоу адиалог рыбжьаҵара азы хадара злоу жәларбжьаратәи форум акәны иҟоуп.  Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа 2008 шықәсазы Д.А.Медведеви Н.Саркозии ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыла ишьаҭаркны.

 Иахьазы ароуп – Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо. Араҟа ицәыргахо азҵаара хадақәа иреиуоуп амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ааԥхьара арҭоит уи анапаҵаҩраз, аха Қырҭтәыла макьаназ мап акуеит. Аилацәажәарақәа ҩ-усуратә гәыԥкны – ашәарҭадареи агуманитартә проблематикеи рыӡбара аформат ала имҩаԥысуеит. Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа хықәкы хадас ирымоуп ихьыԥшым Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи  ршәарҭадара ашьақәыргылара,  иара убас ганкахьала Қырҭтәылеи Аԥсни, даҽа ганкахьала – Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аганқәа зегьы азинтә ҭакԥхықәра рыдызҵо аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра алыршара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me