Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Академиа ашҟа алхрақәа мҩаԥысит

Ааигәа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҟны азеиԥш еизара мҩаԥысит. Зҵаара хаданы иқәгылаз Академиа алахәцәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхра акәын.

Алхрақәа мҩаԥысуан Академиа Аԥҟаԥҵеи алхрақәа рзы Аԥҟареи инарықәыршәаны.

Маӡалатәи абжьыҭира алҵшәақәа рыла академикцәас иалхын: амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Миквабиа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лили Ҳагба, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Анатоли Марколиа, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Алықьса Касланӡиа.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондентцәас иалырхит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторцәа: Аслан Аҩӡба, Валери Бигәаа, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Лали Коӷониа, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Омар Маан.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа азеиԥш еилазаараҿы ирыдыркылеит иара убас Академиа иалнакаауа иранаршьо Ахатәы медал азы Аԥҟара.

Абасала Академиа азеиԥш еизара аусура хнаркәшеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me