Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба далархәны 2023-2025 шш. Аинвестпрограмма ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аетапқәа, аминистрцәа Реилазаара аҿы 2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәоу асиа инақәыршәаны, еиуеиԥшым аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара, иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә фонди аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонди рҟынтәи иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа рыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара шымҩаԥысуа далацәажәеит.
Жьҭаарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза акомплекстә еиҭашьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟаала Али Џьалал-иԥа Муҳаммад Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликаҿы Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.
Лыхнытәи арԥыс Сҭеԥан Анатоли-иԥа Гагәлиеи зықьҩыла уи иҩызцәеи рыԥсыцқьақәа зыхҭнырҵаз, усҟан имицыз уи иԥеи, игәараҭа иахьа иҭзырҭәаауа имаҭацәеи назлоу Аԥсны аԥеиԥш наӡаӡа ажәҩан лаша аҵаҟа рыбзазара маншәалазарц азоуп.
Октиабр 23 рзы Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Урыстәыла арегион ҿыцқәа аус рыцуразы ахаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниеи Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәбеи амассатә информациа аусзуаҩцәа алархәны апресс-конференциа мҩаҧыргеит.