Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ахәыҷқәа рзы аҳамҭақәа

2023 шықәса, октиабр 13, Аԥсныпресс. Атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гәында Кәыҵниеи Аусбарҭа аспециалист хада Гәында Сақаниаԥҳаи идикылеит. Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Усбарҭа ахаҭарнакцәа Алеқсандр Анқәаб изеиҭарҳәеит ́ изаамҭану русура амҩаԥысшьа.

Гәында Кәыҵниа лажәақәа рыла,  мышқәак раԥхьа иааргеит 3 шықәса инаркны  10 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рзы, зтираж 3000  рҟынӡа иҟоу иҿыцу ԥшь-ҭыжьымҭак. Асериа «Сара раԥхьатәи сышәҟәы» аҟынтәи асахьақәа рыла ишьақәгылоу ажәар, ахәыҷқәа рзы алакә-апиеса «Ажьа агәымшәа», ԥшшәы хкыла ашәыгақәа зцу ажәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа», насгьы ажәеинраалақәа реизга «Ааамҭеи асааҭи». Иара убас иааргеит 3500 екземплиар рҟынӡа инаӡо аԥсуа бызшәазы алабҿабатә цхыраагӡатәқәа. 

 Гәында Кәыҵниа излалҳәаз ала, ашәҟәқәа реиҳарак Аԥсны араионқәа зегьы рышколқәеи рхәыҷбаҳчақәеи ирызшахоит. Аԥсуа бызшәа аекспертцәа, аметодистцәа, ааԥхьара зауз асахьаҭыхыҩцәа Аҳәынҭусбарҭа аспециалистцәа рнапхгарала фымз инарзынаԥшуа  ашәҟәқәа аус рыдырулон.

Аԥсуа бызшәахь здублиаж ҟаҵоу амультфильмқәа 11 ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ахәаԥшыҩцәа идырбахоит. Абызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аҿы   аҭыжьразы еиқәдыршәоит аԥсышәала иҭыжьхо «Аусеилыргара азы анапхгараҭара». Аиԥылараҿы аԥсуа бызшәа ашҟа еиҭагоу ахәыҷтәы сахьаркыратә литература, иоригиналу аԥсуа литература, аҭыжьра аганахьала 2024 шықәсазы Аҳәынҭусбарҭа  аусмҩаԥгатәқәа рплан анагӡара алыршара иалацәажәеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me