Мшаҧы 30, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Ахада Иусԥҟала

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟаала Али Џьалал-иԥа Муҳаммад Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликаҿы Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.

***

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟала Ақаҩба Даур Вадим-иԥа Аԥсны акультура аминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Аусԥҟаҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: «Ақаҩба Даур Вадим-иԥа даҽа усурак ахь ииасра инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит.   Аамҭала Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа рынагӡара лыдҵазааит акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр».

***

Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ителеграмм-канал аҿы Аԥсны акультура аминистр имаҵураҭыԥ шааинижьуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. «Сара ас еиԥш аӡбамҭа сыдыскылеит даҽа усурак ахь сиасра инамаданы. Аминистр имаҵураҭыԥ аҿы сусура аамҭа иалагӡаны ҳара иҳалҳаршаз маҷӡам, аус еицызуаз доусы рыхшыҩи рымчи еилаҵаны аинтерес зҵоу амҩа ду ҳанысит.  Ари иухамышҭуа, аинтерес зҵоу апроектқәа, аимадара ҿыцқәа рыбжьаҵара, есымша адырра ҿыцқәа рырҳара, уҳәа рыла игәылҭәааз ԥышәан, – ҳәа иҩуеит Даур Ақаҩба. Иареи акультура Аминистрра аколлективи акультура аусзуҩцәеи хра злоу русеицуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Шәареи сареи ҳусеицура аинтерес зҵоу хра злоу аамҭаны иҟан. Сара ахаангьы исхашҭраны сыҟаӡам шәара исышәҭаз ацхыраареи адгылареи гәыкыла шәнапы злаку аус азнеиреи рҟны», – ҳәа азгәеиҭеит Даур Ақаҩба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me