Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Апресс-конференциа

Октиабр 23 рзы Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Урыстәыла арегион ҿыцқәа аус рыцуразы ахаҭарнак ҷыда Лев Кәыҵниеи Аҧсны адәныҟатәи  аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәбеи амассатә информациа аусзуаҩцәа алархәны апресс-конференциа мҩаҧыргеит.

Апресс-конференциа аартуа Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәба ажурналистцәа идирдырит, ааигәа Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа Урыстәыла арегион ҿыцқәа аус рыцуразы ахаҭарнак ҷыдас дшыҟаҵаз. Урҭ рахь иаҵанакуеит Донецктәи, Лугансктәи,Запорожтәи,Хьерсонтәи ареспубликақәа. Иазгәеиҭеит убасгьы, Аҧсны Аҳәынҭқарреи хыхь зыӡбахә ҳәоу ареспубликақәеи аимадара бзиа шрыбжьоу. Аҧсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр инапхгарала изныкымкәа  агуманитартә цхыраарақәа шрызнаргахьоу уахь.

Анаҩс, Лев Кәыҵниа  иҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала идиҵаз амаҵуразы. Дазааҭгылеит Аҧсны  Донбасс агуманитартә цхыраара шазыҟанаҵо 2014 шықәса раахижьҭеи. Жә-шықәса инарзынаҧшуа имҩаҧгоу аусмҩаҧгатәқәа даара ишырацәоу. Иазгәеиҭеит, аибашьра ахьцоз арегионқәа рҟнытә, раҧхьатәи амшқәа рзы ахҵәацәа  анааргоз Украина атәылауаҩшәҟәы шрымазгьы,  Урыстәыла ацхыраарала аҳәаа ишахыгаз. Февраль мза 2022 шықәсазы Аҧсныҟа иааган Лугансктәи Жәлар Рреспублика аҟынтә – 55-ҩык, Донецктәи Жәлар Рреспублика аҟынтә – 77-ҩык. Агуманитартә цхыраара рыҭан Лугансктәи Донецктәи Ареспубликақәа руааҧсыра, маҭәала, фатәыла, ӡыла. Зынӡаск еизакны иугозар зегьы 60 тонна аидара ҟалон. Декабр мзазы Аҧсны Ахада идҵала Лугансктәи, Донецктәи, Запорожтәи, Херсонтәи Ареспубликақәа рахь ишьҭын 120 тонна ацитрустә шәырқәа.

 Иазгәаҭатәуп, Аҧсныҟа иаагаз ахҵәацәа фатәыла, шьҭаҵарҭала, усураҭыҧла ишеиқәыршәаз. Иара убас, иазгәеиҭеит уахь  лассы-лассы ишцало  Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, уаҟа аиҧыларақәа шымҩаҧырго. Раҧхьаӡакәны Ашықәс Ҿыц аламҭалаз Донецктәи Лугансктәи ареспубликақәа рахь инеит амандарина рыманы, аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» рыцны. Иазгәеиҭеит усҟан иҟаҵаз ацхыраара дара рзы даара акырӡа шаҵанакуа ишгәышьҭыхгаз.

 Иара убасгьы, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәҵниа ихантәаҩрала Аҧснынтә ацхыраара ҟаҵан аинтернационалтә батальон «Пиатнашка» азы 20 тонна иназынаҧшуа аидара.

 Аҧсны атәылауаа злахәу аинтернационалтә батальон «Пиатнашка» жәаҩык инареиҳаны аибашьра ацәаҳәаҿы иҭахахьеит.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me