Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аинвестициатә программа анагӡара иалацәажәеит

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб шьаҭанкылатәи аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Ҭемыр Агрба далархәны 2023-2025 шш. Аинвестпрограмма ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аетапқәа, аминистрцәа Реилазаара аҿы 2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәоу асиа инақәыршәаны, еиуеиԥшым аобиектқәа рҿы аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара, иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә фонди аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонди рҟынтәи иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа рыла  аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара шымҩаԥысуа далацәажәеит.

2023-2025 шш. Аинвестициатә программа ала 2023 шықәсазы рынагӡара азԥхьагәаҭоуп 24 усмҩаԥгатә. Урҭ рхарџь азеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд. 215 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Зфинанстәра мҩаԥгоу, зеиҭашьақәыргыларагьы ахыркәшарахь инеихьоу аобиектқәа ирықәхарџьу аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 900 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ иаанхаз аусурақәа рфинанстәра ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа  имҩаԥгахоит.

  Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо амҩаду иахьыуашәшәыроу ахәҭақәа рҿы аҵаргәатә ҭыӡқәа шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара хыркәшахоит. Афымцеихшарҭақәа «Алаҳаӡы» ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ареконструкциа анхыркәшахалак ашьҭахь етап-етапла амчхара 20 инаркны 80 МВт аҟынӡа ишьҭыххоит. «Бзыԥ» амчхара – 125 инаркны 250 МВт. рҟынӡа. Гәдоуҭа ақалақь аҿы х-мҩадук рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нагӡоуп, иарбоу аобиектқәа ахархәарахь ирыҭоуп.

Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо амҩаду арлашаратә усурақәа мҩаԥысуеит, урҭ ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа ихыркәшахароуп. Аҟәеи Очамчыреи еимаздо амҩа арлашара нагӡоуп, уи иадҳәаланы ҩ-етапкны имҩаԥгаз аусурақәа ирықәхарџьхеит 175 млн. мааҭ.

Афымцаеихшарҭа «Аҟәа» аҿы ареконструкциатә усурақәа рымҩаԥгара ашьҭахь амчхара 80 МВт. рҟынӡа ишьҭыххоит. 

Аҟәа ақалақь, Џьонуа, Гәлиа, Воронов, Коӷониа, Абазаа рымҩақәа рҿы арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит.  

Гәылрыԥшь араион аҿы амҩақәа реиҭашьақәыргылара иазкны ԥшьусмҩаԥгатәк азԥхьагәаҭоуп, урҭ рахьынтә хԥа хыркәшоуп.  

Ҭҟәарчал араион аҿы Ҭҟәарчали Аҟармареи еимаздо амҩа (16 км) шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит, урҭ  2024 шықәсазы ихыркәшахоит.  Ҭҟәарчал ақалақь, Ахақәиҭра Апроспект  аҿы аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара анагӡара иаҿуп.

2023 шықәсазы Гәылрыԥшь араион аҿы Икьакьоу Абзазаратә Црыҵқәа Рполигон аиқәыршәара иадҳәалоу аусурақәа хыркәшахоит лассы.

Зеицҵалыҵ 270 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо Ареспубликатә биуџьет ахатә хархәагақәа  рыла 74 усмҩаԥгатә анагӡара азԥхьагәаҭан, урҭ рахьынтә 48 хыркәшоуп, егьырҭ ашықәс нҵәаанӡа инагӡахоит. Иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп асоциалтә  ҵакы змоу аобиектқәагьы маҷымкәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә фонд ахарџь ала рфинанстәра мҩаԥгоуп 23  ҳәынҭқарратә контракт.  Имҩаԥгаз афинанстәра азеиԥш еицҵалыҵ 13 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Инагӡоуп 19, егьырҭ рынагӡара мҩаԥысуеит.  Зыӡбахә ҳәоу аусмҩаԥгатәқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа рымҩақәҵареи урҭ раԥхьырҟәҟәаареи ирызку аусурақәа рынагӡара, ацҳақәа рыргылара, аҵаргәатә ҭыӡқәа рырӷәӷәара.

Аминистрцәа Реилазаара Арезервтә фонд ахархәагақәа рыла иазԥхьагәаҭан 39  усмҩаԥгатә, инагӡоуп  - 31. Урҭ ирықәхарџьхеит 142 млн. мааҭ.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me