Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭоурыхтә гәалашәара амырӡразы

Лыхнытәи арԥыс Сҭеԥан Анатоли-иԥа Гагәлиеи зықьҩыла уи иҩызцәеи рыԥсыцқьақәа зыхҭнырҵаз, усҟан имицыз уи иԥеи, игәараҭа иахьа иҭзырҭәаауа имаҭацәеи назлоу Аԥсны аԥеиԥш наӡаӡа ажәҩан лаша аҵаҟа рыбзазара маншәалазарц азоуп.

33 шықәса ирҭагылаз Сҭеԥан Гагәлиа аибашьра ианалага латәарадатәи аҟәшаҿы аҵара ахьиҵоз Красноиарсктәи агроааглыхратә институт аҟны ҩ-курск хиҩахьан. Зыхьӡ ахара инаҩхьоу иқыҭа гәакьа аколнхараҿы, аԥхьагылақәа иреиуаз аԥшьбатәи абригада дахагылан. Аҭаацәара аԥиҵеижьҭеи шықәсыкгьы мҵыцызт.

Деилҟьан, дгәыблҩын Сҭеԥан хаҭашьала, еилых имаӡамкәа зегь рзы дыцхырааҩын, дымҩақәҵаҩын, идырреи иеилкаареи ҵаулан.

Ажәабжь бааԥсы шааиаҳазҵәҟьа днарывагылеит ҳаԥсадгьыл аҵеицәа гәымшәақәа. Аха… ҩажәа мшы роуп иахьиаӡаз уи аԥсадгьыл азықәԥара. Сҭеԥан дыруаӡәкын аибашьра раԥхьатәи аамҭазы Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа аиҿкаара иаҿыз, Аԥсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа дзаԥхьагылаз агәыԥ иалаз. Дҭахеит сентиабр 4 рзы, Ешыра.

Ишәыдаагало ажәеинраала лҩымҭоуп Сҭеԥан Гагәылиа иҭаца – Хьыкәба Кама. Уи усҟан, аамҭа уадаҩӡақәа раан, ари аҩнаҭа дыҩнанамгалацызт, аԥсадгьыл ахьчараз раԥхьатәи амшқәа инадыркны хацәнамырха игылаз Сҭеԥангьы длыздыруамызт хаҭала.

Сҭеԥан Анатоли-иԥа ихәышҭаара агәыӷра иашәахәахаз, ихьӡ зыхьӡырҵаз, иара данҭахоз зира хымз агыз иԥа - Сҭеԥан иан Камеи рыԥсҭазаарақәа анеиларҵа аахыс илаҳауа, анду, Сҭеԥан иан – Анқәаб-Гагәлиа Бабулиа Қьаамын-иԥҳа лхьаа  гәҭыхажәа илнарҩит арҭ ацәаҳәақәа.


 

 

Дзахьымӡазаргь сгәыӷырҭа

Амра ԥхон ихааӡа,

Ашәшьыраҿы ҳтәан ҳара.

Шьац иаҵәала ҳгәарԥ хҩан,

Шәҭырацәала еилаԥсан.

 

Агәарбжьарантә аӡә даауан,

Иааишьа сгәамԥхауа сыԥшуан.

Унан, сыҷкәын иоуп иара,

Дыҩуа ашҭа дҭалон шьҭа.

 

Сабџьар абаҟоу, сан, бласы,

Аибашьра алагеит шьыжьы.

Сашьцәа срыцны сцоит сара,

Аӡәыкны ҳгылароуп иахьа.

Иҳахьчароуп Аԥсынра,

Хьаҵшьа ҳамаӡам зынӡа.

 

Хаха-хымш дсымбеит схәыҷы,

Сеилагон, сакуамызт аҩны.

Шарԥазык дхынҳәит дыхьҭшьны.

«- Сҽеиҭаскыроуп сааццакны,

Сҩызцәа сзыԥшуп, сеилкаа,

Сан, сааныбмырхан.

Агәра згоит ишаҳго Аҟәа,

Ишаиааиуа Аԥсынра.

Бҭацацәа бнапы ианысҵоит,

Хәаԥҟа идәықәҵа, еиқәырха!

 

Ҳаӷацәа арахь иаасышьҭӡом,

Рымҩа скуеит, шәымшәан шәара.

Аԥа дсоуеит, сан, ибдыруаз,

Бҭацацәа бырхылаԥшла».

 

Иԥшәмаԥҳәыс аҳәҳәаҳәа дҵәыуан,

Ак лҳәар ҟаломызт шьҭа.

Сыҷкәын иажәа ҳзахымԥеит,

Хәаԥҟа идәықәысҵеит сҭаацәа.

 

Лассы даауамызт аҩныҟа,

Игәы ихон, ажәыларахь деихон.

Гагра дшыҟоу, Аҟәа днеиуан,

Шрома деибашьуан хаха,

Зегь ибон, зегь драԥхьагылан,

Иҩызцәа нижьуамызт зынӡа.

 

Абар, аамшы ихабар ҟамлеит,

Агәарбжьараҿы снатәеит.

Сшымгәыӷӡоз, уахык даауеит,

Дынҳалаԥшны дцар иҭаххеит.

 

Сиҳәеит: «уаанҿас аҩны,

Уԥсы шьаны уцап уаҵәы»,

Ҿааиҭит: «бзиоуп, сан, бгәы

                                      ҟасҵап,

Ӡык насықәҭәан хәыҷык снаиап.

Ашьыжь сгылан, сҩызцәа

                                    срызцап,

Стәыла хәыҷы еиқәзырхо».

 

Имца шоура халт, дбылуан,

Ауыха шаанӡа дықьуан.

Ашьыжь дгылеит дыццакуа,

Ихьаақәа ихаршҭны,

Имч еизакуа.

«Сҩызцәа Ешыра еибашьуеит…»

Иажәа мроукәа дхынҳәуеит.

 

Иԥсы ахҭниҵеит Аԥсынтәыла, -

Дықәԥон Ешыра, Гәымсҭа.

Аиааира агеит Аԥсны зегь рыла,

Дзахьымӡазаргь сгәыӷырҭа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me