Аҧсуа ҧсыс ихоу…

30 Цәыббра 2022 04:31

Аҧсуа жәлар ҳгәаҳҽанӡамкәан аҕа данҳақәла, Аибашьра хлымӡаах ҳанҭагыла, ҳџьынџь аиқәырхараз "заҧсуа шәақь" шьҭыхны зҩызцәа инарылагылаз дыруаӡәкуп, аибашьра адәаҿы иааирҧшыз агәымшәареи агәаҕьреи рзы "Агәымшәаразы" амедал занашьоу, иахьа, Афон ақалақь Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Арзамеҭ-иҧа Харабуа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳажәлар иргаз Аиааира ду амшныҳәа аламҭалазы, уи инамаданы, хаҭала, иара дызлахәыз аибашьратә хҭысқәа ҳзеиҭеиҳәарц  ҳаҽимаҳдеит зыӡбахә ҳамоу аибашьра аветеран Беслан Харабуа.

Аҧҳәызба гәымшәа

30 Цәыббра 2022 04:31

 

Акыр шықәсқәа рыҩныҵҟа Аҧсны инхоз, уи моу араҟа ииз, изызҳаз ақырҭцәа, рабиҧара рҭоурых рхашҭны, арахь иааганы ишнырхаз ргәаламыршәаӡакәан, аиҩызареи асасдкылареи рызҭаз ажәлар ирҿагыланы рыҧсадгьыл рымаркуеит ҳәа  ахахьы аагара уадаҩын. Аха, аамҭа цацыҧхьаӡа еилкаахон, аҧсуааи ақырҭцәеи реиҿагылара ашьакаҭәарахьы ишкылсуаз. Рыҧсадгьыли, рбызшәеи, рмилаҭ реиқәырхареи рзы иқәҧон Аҧсны апатриотцәа. Аҭагылазаашьа еиҳагьы ихьанҭахеит ҧшьынҩажәи жәбатәи ашықәсқәа рзы. Уажәшьҭацәҟьа еилкаан ас хара ишзымцоз. Аибашьра аветеран,  Агәымшәаразы амедал занашьоу, "Аҧсны аибашьра аветеранцәа аҳәса рассоциациа ахантәаҩы" Лариса Ҭарба дқәыҧшын арҭ ахҭысқәа данрылахәыз. Аиабашьра ианалагагьы еиҧхьхәыцрада абџьар шьҭыхны лҩызцәа дрывагылеит. Аветеран илҳәоит аҧсра иацәымшәо аӡәгьы дшыҟам, аха уи уҧсадгьыл ацәыӡра иацу ашәара ишаиаауа.

Аишьцәа рлахьынҵа

30 Цәыббра 2022 04:28

Аҟәа, Аҳабла ҿыцаҿ инхоз Рауф Џьопуа иман ҩыџьа арҧарцәа. Зыбжа ааӡара аныда иааӡаз, иамуит ахлымӡаах аамҭа – аибашьра иналамгылар. Аишьцәа Даури Џьамбули ринтересқәа хаз-хазын. Аха аибашьра зегьы еиҟаразтәуа ҳанналагыла, аҩыџьагьы еибашьҩцәаны иаагылеит.

Жәынгьы-ҿангьы аҧсуааи ақырҭцәеи реизыҟазаашьа еибарххан, аҭоурых иаздыруам урҭ рнапы еикәырша, ҟыҟ-ҿыҟ рыбжьамкәа, еизыразны ианыҟаз. Даҽа усуп хыбрак - Асовет Еидгыла анапаҵаҟа ианыҟаз. Убасҟангьы маӡа-аргама, аицынхара, аиҩызара, аешьара ҳәа апартиатә система алозунгқәа шьҭыхны, Аҧсны хыҧхьаӡарала ампыҵахалара иаҿын. Аҧсуаа уи еснагь иаҿагылон, есжәашықәса имҩаҧысуан ақәгыларақәа. Асовет Еидгыла хыбгалеит, зегьы хазы-хазы еихеит. Шеварднаӡе дызхагылаз Қырҭтәылагьы ашә-гәашәқәа ҟьаҟьаӡа иаатит аханатә аахыс ргәы иҭаз – Аҧсны арҭаслымразы, ампыҵахаларазы, аҧсуа жәлар ршәаџь зҳәо аӡәы дыҟамкәа рықәхразы, аха ргәы иажьеит.

Сан, бысцәымшәан

30 Цәыббра 2022 04:25

Ашҭа ҧшӡеи аҭаацәа гәырҕьахәи ахьҭанхо анаҧшҩы илаҧш ацәиӡартә иҟоуп. Амаҭацәа, уи аҭаацәара ирылатәаз, избаз ихы шьҭыхны дцәажәоит. Тәанба Андреи "Агәымшәаразы" амедал ианашьоуп. Иара Мыта ҳәа ауп дшырдыруа. Иҧа Ҭемыр Тәанбагьы аибашьраан 19 ш. ракәын ихыҵуаз. Уи Витали Дармаа напхгара зиҭоз агәыҧ далан. Мыта иашьеиҵбы Рудик Уасил-иҧа Тәанба Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы даҧсахеит.

Нанҳәамза жәохә рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭеит ақырҭуа-аҧсуа еибашьраан зхатәгәаҧхарала иааны Аҧсны еибашьуаз Рымш. Кавказ аиашьара жәларқәа рҟынтәи аибашьцәа раҧхьатәи ргәыҧ еибашьра ҳәа ашьха каҵәарақәа ирхысны, шәарах мҩахәасҭала Аҧсныҟа иааит нанҳәамза жәохә рзы – аибашьра аҩбатәи амш азы. Уи аахыс иҵит ҩажәи жәаба шықәса.

Анчхьоу акаҵәара ихыҵны аибашьра раҧхьатәи амшқәа рзы Аҧсныҟа иааз хатәгәаҧхарала еибашьуаз ргәыҧ далан Ҟабарда-Балкариатәи аибашьҩы, Аҧсны Афырхаҵа Муҳаммад Бли. Ишырҳәо еиҧш, ажәа ахы умҳәакәан аҵыхәа узҳәом. Муҳаммад Бли бшьҭрала  Ҵабалтәуп. Аҭоурыхтә ӡеибафара иахҟьаны Ҟабарда-Балкариаҟа ицаанӡа, Ҵабал ианынхоз Ҧлиа рыжәлан. Аҧсны Афырхаҵа иажәақәа рыла, иабду иаб ибзианы игәалашәон аҭаацәа аҵх рҽалакны рқыҭа иалҵны ианцоз. Аибашьра ҟалаанӡа Аҧсныҟа ҩынтәҟа иаахьаз Муҳаммад Бли аибашьра ианалагаз ихыҵуан ҩажәи зеижә шықәса. Ақырҭуа архәҭақәа Аҧсны иақәлеит ҳәа заҳаз иаразнак амҩа дықәлеит иҭоурыхтә ҧсадгьылны еснагь ииҧхьаӡоз Аҧсны ахьчаразы.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me