Ихыркәшахеит Аԥсуа драмтеатр 94-тәи асезон

С.Ҷанба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә Аԥсуа драматә театр аҟны имҩаԥысит 94-тәи атеатртә сезон аркра. 

Асезон аркразынӡа иахырԥан А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аԥшьбатәи акурс астедентцәа Аниа Самсониа, Софа Инарба, Богдан Зарандиа русумҭақәа рцәыргақәҵа. Урҭ «Аескизқәа рыла атеатр: астудентцәа рылаԥш» апроект инақәыршәаны иаԥырҵеит.

Уахь инаган Аԥсуа театр асценаҿы иқәдыргылаз асектакльқәа «Аԥынҵатәыҩақәа», «Аб иашьа Ваниа», «Бернарда Альба лыҩны» рҟынтәи аескизқәа 24 . Аусумҭақәа нагӡан аҵараиурҭа арҵаҩы, еицырдыруа аԥсуа ҿыханҵаҩ, асценограф, «Аԥынҵа тәыҩақәа»,  «Сариа», «Асду» аспектакльқәа  рзы адекорациақәа раԥҵаҩы Нодар Ҵәыџьба инапхгарала.

Асезон аркын К.Гольдони ипиесала арежиссиор Алхас Шамба иқәиргылаз аспектакль «Мирандолина» дырбарала. Аспектакль апремиера мҩаԥысит 2025 шықәса февраль азы. Аспектакль ашьҭахь ахәаԥшцәеи атеатр атруппеи рҿаԥхьа дықәгылеит атеатр адиректор хада Хьыбла Мықәба.

«Иацы еиԥш исгәалашәоит асезон аартреи ҳҿаԥхьа ишьҭаз аусқәеи», – лҳәеит лара.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз ирылаҳәан аноминациақәа 9 рҟны аиааира згаз рыхьӡқәа.

«Ацәашәҵатәқәа рзы иреиӷьу асахьаҭыхҩы», «Адекорациақәа рзы иреиӷьу асахьаҭыхҩы», «Алашаразы иреиӷьу асахьаҭыхҩы» аноминациақәа рҟны аиааира ргеит Диана Допуа, Гарри Дочиа, Михаил Манџьгалаӡе, «Аџьаз аҟны аӡӷабцәа рымацара» аспектакль аус адызулоз.

«Иреиӷьу аспектакль» аноминациаҿы аиааира агеит режисиор Мадина Аргәын лықәыргыламҭа «Аџьаз аҟны аӡӷабцәа рымацара». Мадина Аргәын иара убас абри аспектакль азы «Иреиӷьу арежиссура» аноминациаҿы аиааира лгеит ҳәа дазхаҵоуп.

«Аҩбатәи аплан иаҵанакуа иреиӷьу аԥҳәыс лроль» ҳәа ишьҭоуп «Аџьаз аҟны аӡӷабцәа рымацара» аспектакль аҟны Ирина Коӷониа лыхәмарра.

«Аҩбатәи аплан иаҵанакуа иреиӷьу ахаҵа ироль» аноминациаҿы аиааира еиҩыршеит ҩыџьа актиорцәа: Аспектакль «Асду» аҟны Баҭа ироль назыгӡаз Даур Арухаа, Гарри Џьынџьал – «Аџьаз аҟны аӡӷабцәа рымацара» аспектакль аҟны Озгуд ироль ихәмарыз.

«Иреиӷьу аԥҳәыс лроль» ҳәа иԥхьаӡоуп  К.Гольдони ипиесала аспектакль «Мирандолина» аҟны Мирандольина лроль назыгӡаз Есма Кәыҵниа лыхәмарра.

«Иреиӷьу ахаҵа ироль» аноминациаҿы Михаил Ҵкәуа аиааира иаҭәашьахеит «Аџьаз аҟны аӡӷабцәа рымацара» аспектакль аҿы иналгӡаз Џьерри ироль азы.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me