Урҭ зегь фырхацәоуп

06 Жьҭаара 2022 12:48

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рылагылара сшазхәыцуазгьы, раҧхьатәи амш азы сзымцаӡеит. Сашьа деибашьуан, саҳәшьа Очамчыра далаханы дыҟан, зықәрахь инеихьаз сани саби сзынмыжьит азныказ. Уи инаҷыдангьы, «исылымшо аус салагаӡом». Ус схәыҷаахыс ҟазшьас исымоуп аҟнытә, акыр сыҽҧысшәон, аибашьра акыр ауадаҩрақәа шацу еилыскаауан. Сыхгьы сазҵаауан исылшару ҳәа. Схы агәра зго саныҟала ҩба-хҧа мзы ааҵхьаны еиҧш «еибашьра сцоит» ҳәа Тҟәарчал аштаб ахь снеит.

Абас, ҳаиҿцәажәара хацыркуа лажәа дналагеит занааҭла ифилологу, иахьа Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ, «Агәымшәараз» амедал занашьоу, аибашьра аветеран Марина Калодиа-иҧҳа Арыш-ҧҳа.

Ҳажәлар рҭоурых аҿы аҵакы ду змоу арыцхә – Аиааира Амш аламҭалазы аибашьра аветеранцәа Аҧсадгьыл ахьчараан иҭахаз  рҩызцәа анышә иахьамадоу рҳаҭгәынқәа ирҭаауеит, абаталионқәа ирылахәыз еиқәшәоит.

Аибашьраан ироуз ахәра ҕәҕәақәа згәабзиара ҵыршәааз аветеранцәа аӡәырҩы сынтәатәи Аиааира амшныҳәа азгәаҭара изаҧымлаӡеит. Урҭ дреиуоуп ҵыҧх, аныҳәамш азгәаҭара мышқәак шагыз зыҧсҭазара иалҵыз, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Даур Лаврент- иҧа Латариа.

Аиааира агәра ргон…

30 Цәыббра 2022 04:37

Аҭаацәара аҧҵара, ажәла реизырҳара, ахәышҭаара аиқәырхара, аҧсҭазаара ацҵара, ахарҭәаара уасхыр хадас иамоу аҧҳәызба лоуп. Аха, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага зқәыҧшра аамҭа иҭагылаз аҧсуа ҭыҧҳацәа зыҧшрак ҟамҵакәан, ахаҵамҧҳәысра аарҧшны, рашьцәа инарывагылеит. Урҭ зны аибашьцәа рыхәрақәа ҿарҳәон, ихәрабҕьыцны, иҧсеиқәырхаҩны ирыцын, даҽазныхгьы, аҕьараҳәа абџьар шьҭыхны инагылон.

Сынтәа ҩажәи жәаба шықәса ҵуеит, зхаҭара иахьагьы аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам, аибашьҩы гәымшәа, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, ауаҩы-легенда ҳәа изышьҭоу Мушьни Хәымса-иҧа Хәарҵкьиа дҭахеижьҭеи.

Аҧсны аҭоурых, уаанӡа, иахьа, уаҵәтәи аҧеиҧш зеиҧшрахо арҭ азҵаарақәа еснагь игәы иҵхон Мушьни Хәарҵкьиа. Дшыхәыҷӡаз иара Аҧсни аҧсуааи знысхьоу амҩа аҭҵаара напы алаикуеит, агәыбылра икуеит ижәлар рҭоурых.

Аибашьра амҩа ианысыз

30 Цәыббра 2022 04:33

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра  еилгеижьҭеи сынтәа 29 шықәса ҵит. Изныкымкәа-иҩынтәымкәа аибашьра атема иадҳәалоу астатиақәа акьыҧхь ианылахьеит. Аиааира 29 шықәса ахыҵра ианамаданы сиҿцәажәеит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан акырӡа аџьабаа збаз, Леон иорден занашьоу, аинрал-маиор, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи, аџьеи, Арбџьар мчқәеи рветеранцәа рреспубликатә Хеилак аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Закан Нанба.

Аҧсуаа ҳҟны аиашьа изкны аҩра маҷк иҧшӡамзаргьы, саҭашәҵап ҳәа сгәы иаанагом. Абар уажәшьҭа жәаҩа шықәса инареиҳауп, изаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз аибашьра аветеран Адгәыр (Ҷуки) Қарбеи-иҧа Торчуа изкны цәаҳәақәак рыҩра сгәы иҭаскуеижьҭеи. Аха, аиаша шәасҳәап, сазхиамызт. Адгәыри сареи аишьцәа гәакьақәа ирхылҵыз ҳауп.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me