Аҟаза ду ицәыргақәҵа

02 Ԥхынкәын 2022 09:38

Иаатит Аҧсны еицырдыруа асахьаҭыхҩы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы ҳәа ахьӡ зыхҵоу, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазарақәа рфакультет адекан Нугзар Ҷыҷыкәа-иҧа Логәуа иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Ҷыдала уи азкуп арҿиаҩы ииубилеи. Убри инаҷыдангьы ацәыргақәҵа аҩбатәи азал хадырҭәааит аиубилиар аҵара зирҵо астудентцәа рҭыхымҭақәа.

Зыҧсадгьыл згәеисроу

02 Ԥхынкәын 2022 09:36

XX ашә. 20-тәи ашықәсқәа раан Москва ихацыркын аҧсуаа рхеидкыла аусура.  30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы уи аусура  шеиҧҟьазгьы, изықәгылаз ауасхыр еиқәхеит.

Згәы еиҭамԥаз

02 Ԥхынкәын 2022 09:28

Ҽнак зықәрахь инеихьаз ахаҵа еилаҳәара хәыҷык кны амузеи аҧхьа даасҧылеит. Ииҳәарц ииҭахыз игәы инамырҳәо, иикыз аилаҳәара хәыҷы аартуа иажәа далагеит: «Изышәҭаху шәразҵаа, дызцеибашьуаз шәрыҿцәажәа, зҟәышреи зыгәаҕьреи рыла зықәра иааҭәоумшьартә зхы мҩаҧызгоз ҵеин, – иҳәан иеилаҳәара аасиркит.

Ааигәа ҳредакциа даҭааит ҳхақәиҭра аагара зыхәҭак алоу, иашалаҵәҟьа  иуҳәозар, ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ҳанҭагылаз ахаҵамҧҳәысра аазырҧшыз аҧҳәызба. Уи Ҧақәашь ақыҭа иалиааз Венера Грышьа-иҧҳа Шәқьериа лоуп. Аибашьра анцоз лара дынхон Тҟәарчал, Аҟармара аҳаблан аус луан афатәҭирҭа адәқьан аҿы. Лыҧшәма, милаҭла – ауаҧс, Иаша Џьиоев Ким-иҧа иакәзар, ашахтаусбарҭаҿ анџьныр хадас дыҟан.

Аекономика ауасхыр

Абарҭ амшқәа рзы И.Гь.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥысит 2022 шықәсазтәи акурорттә аамҭа аихшьалақәеи иааиуа ашықәс азы атуристтә бизнес аԥеиԥши ирызкыз астол гьежь.

 

Аҵарауаҩ, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Чамагәуа акыр шықәса раахыс инапы алакуп абжьаратәи ашкол апрограмма иаҵанакуа аматематикеи афизикеи рмаҭәарқәа рҵакқәа раарԥшра алзыршо ажәақәа аԥсышәала рырцәажәара. Ари аганахьала ажәарқәа аус рыдиулоит, иҭижьхьоу ируакуп «Аурыс-аԥсуа аԥсуа-аурыс афизика-математикатә жәар».

Аԥхьаҩцәа ишәыдигало астатиа азкуп ихарҭәаау амилаҭтә аԥсуа школ азҵааразы иҟаҵоу, насгьы аԥхьаҟа шьаҿақәас иҟаҵатәу. Аԥсуа школ ҳажәлар рхеиқәырхара алзыршо амыругақәа ируакны дахәаԥшуеит аҵарауаҩ ихатә гәаанагараҿы.

Ҳаҭыр зқәу аҧхьаҩцәа!

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me