Аҧсҭазаараҿы – уаҩы иҧылоит ззанааҭ зтәызтәуа, аха иҟоуп иара иазшоу, ҧсабарала абаҩхатәра злоу…

Убас ааӡаҩ изанааҭ зтәыҵәҟьоу, уи иазшоу дыруаӡәкуп Аҟәатәи ахәыҷбаҳча «Гәында» аҟны ааӡаҩыс аус зуа Сариа Станислав-иҧҳа Чамагәуа-ҧҳа.

Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнак, акыр шықәса раахыс зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны инхо Рыдуан Агрба диит, дааӡеит Инегиоль араион иаҵанакуа аҧсуа қыҭа Мезиҭ. Уи иқәлацәа реиҧш, ихьааигеит Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит, аибашьра ҵысит ҳәа аниаҳа. 1992 ш. август 25 рзы Аҧсадгьыл ахьчаразы Ҭырқәтәылантә хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааз 33-ҩык еидызкылоз раҧхьатәи агәыҧ дрылан Рыдуан. Аҧхьа Шәача иааит, уантә аидарамҩангага аҕбала Гәдоуҭанӡа иааӡеит.

Ауаҩра зегьы иреиҳауп

13 Жьҭаара 2022 10:42

Ауҩы иҧсҭазаараҿы иалихуа азанааҭ аҟны ақәҿиарақәа иоуырц азы, аҭахра адагьы ҧсабарала уи дазҳәазароуп. Исҭахуп, исгәаҧхоит мацарала иарбан занааҭзаалакгьы алҵшәа аиуӡом, аҧсуаа ҳҟны ишырҳәо еиҧш, Анцәа иуылаиҵозарауп.

Иахьа зыӡбахә шәҳардырырц иаҳҭаху ауаҩы гәыла-ҧсыла, ҧсабарала лзанааҭ дазшаны Анцәа адәы дықәиҵеит. Азанааҭқәа зегьы хадоуп, аха еиҳа ихадоу рахь иаҵанакуа иреиуоуп арҵаҩра. Избанзар, арҵаҩы инапы иануп аҧхьаҟа иҕәҕәаҟацаӡа зыуаажәлар ирылагылаша ауаҩы иааӡара.

Ҳԥеиԥш знапы иану

13 Жьҭаара 2022 10:35

Ахәыҷы иааӡара, уи аҧсуаҵас ахымҩаҧгашьа илааӡара, ихатәы бызшәала аҷҷаҳәа дцәажәо, ижәлари иҧсадгьыли ргәыбылра, рыбзиабара иркра, зегь раҧхьа – аҩнаҭа, аҭаацәара рҟнытә ахы ыҵнахуеит. Аха уи еиҳа инарҵауланы, ихаҭәааны ахәыҷы иахьизнарго ахәыҷбаҳчеи ашколи рҿы ауп.

Хаҭала шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа ахәыҷы аамҭа ахьихиго ахәыҷбаҳчаҿы – ааӡаҩцәа уи иааӡараҿы, идырра аизырҳараҿы ирыбзоуроу рацәоуп.

Аҧсны аҭоурых аҟны аҭыҧ ҷыда аннакылоит ҳауаажәлар рнырҵәара иазынархаз Сталини Бериеи имҩаҧыргоз аполитика хьанҭа. Уи ашьҭақәа иахьагьы имҕьо хәраны ргәы иануп забдуцәеи забацәеи дырӡыз ауаа. 30-тәи ашықәсқәа ирыхәлабгаз, Бзыҧҭа аҳаблан ииз, иааӡаз Осман Жьыгәа-иҧа Кәакәасқьыр имаҭа Емма Золотинска-иҧҳа лаҕырӡылоуп иахьагьы лабду иӡбахә шылҳәо.

 

Аҧсуа шәҟәыҩҩы, адраматург Шоҭа Ҷкадуа диижьҭеи 90 шықәса ҵит.

Шоҭа Аугьан-иҧа Ҷкадуа диит 1932 ш. август 20 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол даналга абжьаратә ҵара хиркәшеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. 1952 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет дҭалеит, қәҿиаралагьы далгеит.

Image
Image
Ad Sidebar

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me