Афырхаҵа имҩа ҩашьом

Аҧшалас амҵәыжәҩақәа иргәыҵак иргошәа иқәҧраа ицоит аамҭа. Есааира ҧхьаҟа ицо ажәлар рҭоурых ҭбаахоит, еизҳауеит уи шьақәзыргыло ахҭысқәа.

Нҵәара зқәым, нкылашьа змам аамҭа егьа инықәҳа ицаргьы, ес-ииуа абиҧарақәа имырӡкәа аҭоурых иазынрыжьша акәны иаанхоит ҳтәыла ашәарҭара ианҭагылаз, аӷа хәымга хацәнамырха иҿагылаз аибашьцәа рыхьыӡқәа.
Ҳара иахьатәи аамҭазы ажәа «аибашьра» анҳаҳауа, хьаалеи гәырҩалеи иҭәыз ашықәсқәа ҳрызнархәыцуеит, ари ажәа шәарҭара дуны ҳабла иаахгылоит, убри аан ҳхаҽы иаагоит шаҟа игәымшәақәаз зхы-зыҧсы иамеигӡакәа, ахымҩасқәа ирҿагыланы аиааира иазықәҧоз афырхацәа. Урҭ ргәымшәареи ргәаҵа иҭымҵуа иҭаз рыҧсадгьыл абзиабареи хашҭра рықәым, рыхьы­ӡқәагьы наӡаӡа абиҧарақәа еимырдалоит.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ҳаналацәажәо уи злашьақәгылаз гәыӷралеи лаӷырӡылеи иҭәыз ажәыларақәа роуп раҧхьаӡа инаргыланы ҳзызхьаҧшуа. Урҭ ажәыларақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟан аиааира аагараҿы, аҭыҧ ӷәӷәа аанызкылаз ииультәи ажәылара. Еиҵагыло аҿар ҳзы акырӡа ихадоуп арҭ ажәыларақәа ирыдҳәалаз аҭоурыхқәа рмырӡра.
Аҭоурых адаҟьақәа реиқәырхара напы асыркит саргьы. Ицәажәара саҳандаз аибашьра аилашыра иалсыз, аӷа хәымга ихымҩас аиааира зылшаз ауаҩы ҳәа ахәыцрақәа сыман. Абар, сидтәалоуп 33 шықәса раҧхьа зқәыҧшра иацыз агәырӷьареи ахаареи ргьама гәыблыла абара аҭыҧан, абџьар акра зқәашьхаз аибашьҩы. Шаҟа ицәыхьанҭоузеи уажәы урҭ ахҭыс гәыҭшьаагақәа ҩаҧхьа ргәаларшәара.

Егьа уҳәаргьы, аамҭа ахәрақәа зегьы азырӷьом, избанзар аибашьра иннажьуа ахәра зынӡа иҵаулоуп, ауаҩы игәаҵӷа ҿызкаауа акәны иҟоуп. Сидтәалоуп зыҧсадгьыл аиқәырхаразы зхы иамеигӡоз ауаҩы. Сырзыӡырҩуеит иажәақәа... «Са сеибашьит ҳәа иахыҽхәаны аҳәара ҧхашьароуп, избанзар дарбанызаалак иҧсадгьыл гәакьаз ауп аӷа диҿагыланы дзеибашьуаз, уи досу уалҧшьаны идын ҳәа азысыҧхьаӡоит» – ҳәа ицәажәара хациркит Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, агәыҧ «Каҭран» алахәыла, ақыҭа Тамшь, Ануаа рхәы инхо – Ануа Роман Григори-иҧа.
Аибашьра иҧнашәаз афырхаҵа иажәақәа схы-сгәаҿы имнеирц залшомызт, дара ирныҧшуеит аҵабырг ахаҭа. Гәалашәара жәпакы ицәырыргоз аибашьҩы ихәыцрақәа ирыциҵон, сара аҭоурых идырым адаҟьақәа сзаатуазшәа сгәы иабон... «Аибашьра иалагылаз аибашьцәа рхыҧхьаӡараҿы даараӡа ирацәаҩын иқәыҧшқәаз, урҭ рқәыҧшра шықәсқәа ирзымхәыцкәа рыҧсадгьыл аҧеиҧш акәын гәыӷырҭас ирымаз» – ицәажәара иациҵон Роман Григори-иҧа.
Азхәыцра цәгьоуп закәытә гәаҟроу ирхыргаз макьана иқәыҧшӡақәаз, аҧсҭазаара агьама зымбацыз, зҩызцәа звыршьаауаз арҧарцәа. Ҳәара аҭахума, аҧсҭазаара рхы-ргәы ахшәон, аха иҭахаз ршьоуразы, рыҧсадгьыл аҧеиҧш азы ирылымшозгьы рылдыршон.
Роман Григори-иҧа ицәажәара маҷк саназыӡырҩы ашьҭахь, ари аибашьҩы инысымҩа акырӡа ишыбҭааз анысныр, исҭаххеит еиҳа сгәы иҭыхоз азҵаарақәа исҭарц.

–Аибашьра алагаанӡатәи ашы­қәсқәа маҷк иадамхаргьы шәрылацәажәарц сҭахын, ишҧанхеи урҭ шәгәалашәараҿы?
—Асовет Еидгыла анеилаҳа, аҧсуаа рхатә гвардиа аҧҵара напы адыркит. Агвардиа иалаз Аслан Занҭариа, Заза Занҭариа, Џыџ Чагәаа уҳәа ҳаҩны иаалон. Урҭ аҧсуа форма рышәҵаны ианаҳбоз даараӡа ҳгәы шьҭыҵуан, ҳгәы еизҳауан. Сара саб даара дпатриот иашан, аибашьраан хабарда дыбжьаӡит, иҧсыбаҩгьы ҳмоуӡеит. Агвардиа иалаз, Аслан Занҭариа аҧхьа днаргыланы, саб иацәажәарц ҳаҩныҟа лассы-лассы ианаауаз сара рабџьар сдырклон, уи даараӡа сгәы иахәон. Урҭ ҳаҩныҟа иахь­ымҩахыҵуаз азы акәхап, саргьы арра ацара агәаҳәара дуӡӡа соуит, убри инамаданы ашкол салгара аамҭа хәымыз раҟара шагыз арра сцеит. Усҟан арра ицарц зҭахыз гәахәарыла ирыдыркылон, саргьы авоенкомат аҿы саннеи, ашкол салгахьазшәа анрасҳәа, срыдыркылеит. Аҩны сани саби адырра анрысҭа, сан даараӡа илгәамҧхеит илаҳаз, лыгәгьы лнархьит, аха саб «биҟәаҵ, уажәшьҭа иуам» ҳәа, сан дналацәажәеит.
Арра сшыҟаз ар рформа сышә­ҵаны ашкол ахь сааны сҧышәарақәагьы сҭиит, сышкол хсыркәшеит. Усҟантәи аамҭазы Аслан Занҭариа игәыԥ Бабышьра игылан. Иара хаҭала саб иеиҳәеит уҧа агвардиахь дызгарц сҭахуп ҳәа, иррамаҵзурагьы дахыслоит, агвардиа аҿгьы дыҟазаалоит ҳәа. Аслан Занҭариа игвардиахь сцеит, иахьеиҧш исгәалашәоит усҟан уи 28-ҩык алахәын, иҟан исеиҳабацәаз, иқәыҧшқәаз ракәзар 10-ҩык раҟара ҳаҟан. Иара агвардиа раҧхьаӡа ахьӡ амаӡамызт, «Аҧсуа гвардиа» ҳәа акәын ишашьҭаз.
Агвардиа ахьыҩназ ахыбра ам­шын ахықә аҿы акәын иа­хьгылаз. Ҽнак шьоукы аҧсыӡ ркырц алаӷәым анҧыржәа, аҧсыӡ «акаҭран» аҿашәеит. Уи аҧхьа ари аҧсыӡ зымбацыз ианаҳба, џьашьахәыс иҟаҵаны зегьы ҳшахәаҧшуаз Аслан «шәызҿуи» ҳәа дааҳадгылеит. Иаргьы ари аҧсыӡ аниба иџьеишьеит, инапы ианҵаны ишикыз акәымкәа: «Иахьарнахыс ҳагвардиа «Каҭран» ахьыӡзааит» ҳәа ҿааиҭит. Убри ауп «Каҭран» зхылҿиааз.
Аибашьра ианалага, ақырҭцәа ҳакәшеит, аҧшаҳәала Аҟәаҟа ҳандәықәла ҳаихсра иалагеит, шьҭахьҟа ҳхынҳәыр акәхеит. Ашьыжьымҭан аӷа иҿагылара аарҧшра ҳалагеит, иҳакәшан иҟаз ақырҭцәа хәылбыҽханӡа ржәылара наҳкылон. Уа иршьыз, ирхәыз ҟалеит, насгьы ҳара иаҳшьыз аӷацәагьы ыҟан, аха ҧхьаҟа ицатәын, ҳтәыла аҧеиҧш хьчатәын. Ақырҭцәа ҳаихсуа ишҳашьҭазгьы, имаҷымкәа абџьар ҳшаҵазгьы, хаҭала са стәы уҳәозар х-бџьарк срыҵан, абас ҳамч-ҳалша еизганы раҧхьа аҳаирбаӷәазаҟынӡа ҳнаӡеит, нас ҳааскьеит Кәыдрынӡа. Кәыдры арсра даараӡа иуадаҩыз ҧышәараны иҳаҧгылеит, аха аӡы ҳарымсыр ада ҧсыхәа ҳамаӡамызт. Кәыдры хыџьара аҽеиҩнашоит, уи аӡы иаиааины алсра оумашәа ицәгьоуп. Иҳахәаз иакәны дҟалеит агвардиа иалаз Аҧшыцба Ҭулиа, иара Аӡҩыбжьатәын, дыҧсыӡкҩын, аӡы уахьырсша аҭыҧқәа идыруан, иаҳирбеит, арахь аӷа акырӡа даҳзааигәахон, аӡы арсра ҳҽазаҳкит. Сара аӡы санҭала агранатаршәга скын, уи аснариад ахан, ахқәа зҭаз ашәырагьы хаз сыбӷа икыдын, аснаипер, автомат уҳәа урҭгьы срыҵан. Аӡы зынӡагьы идуумызт, аха ахаҳәқәа аҵан, иуҵҟьар аӡы уахәланагалон. Ԥыҭк снеихьан акәымкәа, сықәҟьан салаҳаит, аӡиас хыхь сханагалан, сышьҭыхны сгара иалагеит, уа ихыжьлаз ҵла дук амахә скит сызнапыкала, егьи снапала абџьарқәа скын, исышьҭалаз арҧыс «иуку кажь» ҳәа сызҿиҭуан, аха иоусышьҭуамызт, арахь аӡы сыхәлаҵәеит, ашьҭахь исышьҭаз данааскьа абџьарқәа руак искыз иара иахь инасышьҭит, убри кны аарлаҳәа сҭыгара илшеит.
Уи аҽны Кәыдры гәымбылџьбара быжьҩык рыҧсҭазаарақәа ҿахнаҵәеит, руаӡәк аӡы иагоз, ихьӡаз сицхраап ҳәа даналага, уи дшикыз иаргьы аӡы дахәланагалеит, урҭ аҩыџьа шеимаз иагеит. Мызки бжаки раҟара бжьысхьан еиҧш, аӡы иагаз рыҧсыбаҩ алыргеит, аӡәы иҧсыбаҩ анырыҧшаа ҧшьымыз рышьҭахь ауп.
Ҳара аӡы ҳанырс Аӡҩыбжьа ҩнаҭак аҿы ҳҽыҧхьаҳкит. Архәҭаҿы ҳаныҟаз ҳхәы аазгоз арҧыс машьынала дшаауаз иеихсны дыршьит, Аслан Занҭариа уи аниарҳәа Гәдоуҭаҟа дцеит. Нас Аслан данаа уахынланы архәҭаҟынтәи ҳабџьар алыргеит. Уи ашьҭахь ҳара ҳҽырҩашьаны, амаҭәажәқәа ҳашәҵаны, Аӡҩыбжьантәи Аҭаранӡа ҳнаӡеит, уи ауха Ануаа рхәы ҳааит. Ҳахьааиз ҳаӷеимшхара, аҩнқәа цҟьашәҟьаны, ҧсы зхоу аӡәы дубомызт. Сыҩны санааи зегьы еилажьын, аха саб дыҟан, абас аҩны саанагеит.
Нас, лаӷырӡи гәаҟреи згымыз аибашьра еиҳагьы амҽхак арҭбаауа иалагеит. Абџьар амаҷра даара иаҳҧырхаган, аха ҳаангылозма, акислородтә балонқәа алаӷәым рҭаҵаны автобусгьы ҧаҳжәеит зны. Иаҳхаҳгаз ауадаҩрақәа жәпакы ыҟоуп, сара ахәрақәа рацәаны исоуит, аха ҳаҧсадгьыл аҧеиҧш ҳнапы ианын, уи азы аҭоуба ҳуан. Исоуз ахәрақәа сгәабзиара дыруашәшәыреит, иахьагьы сыҧсҭазаара хәшәыла еибаркуп сҳәар сылшоит.

–Аибашьра иалагӡаны шәара шәзы зегь реиҳа ихьанҭаз ажәылара иарбану?
- Ҳәара аҭахума, раҧхьаӡатәи ажәылара даараӡа ихьанҭан. Ауаҩы ишьра ари ҳаӷеимшхара –ицәгьоуп, ахаан аӡәы дзымшьыц арҧыс аибашьраҿы аӷа ихымҩас даҿагылароуп, уи даиааироуп, иара ихымҭа аӷа дҭанархароуп. Мрагыларатәи афронт аҿы даараӡа ицәгьаз жәыларақәан Ануаархәытәии Лабратәии. Усҟан мрагылара еибашьуаз зегьы рҟ­ынтә 85% инарзынаҧшуа иҭахеит. Ақырҭцәа Тамшь «Долина смерти» ҳәа ахьӡырҵеит, ара еибашьуаз аӷа иҿаҧхьа хьаҵрак ааҳарҧшуамызт. Тамшь агараан ажәылара ҩ-сааҭк инарзынаҧшуа ицон. Убри аҩ-сааҭк ирылагӡаны инарзынаҧшуа аӷацәа рацәаҩны иҭархан. Абарҭ зегьы дара авидео ала иҭырхуан, ақырҭцәа ахьышьҭаз рхы-рҿқәа ҵәахны «аҧсуаа асепаратистцәа шынҳарҵәаз жәбома» ҳәа ирышьҭуан. Лабра итәаз Қарҭаа рбаталион «Аваз» 800-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылан, урҭ рахьтә 35-ҩык роуп иалҵыз, егьырҭ зегьы ҭархан. Ақырҭцәа рыҧсыбаҩқәа вертолиотла еизганы Кәыдры аиҩхаа иҭарыжьуан, урҭ иахьа уажәраанӡагьы хабарда ибжьаӡыз ҳәа иҧхьаӡоуп.
Сара аибашьраан асы анлеиуаз 32 сантиметр иҟаз, атанк ахҧҽыха сыхәда иалалеит, уи иахҟьаны сыҧсы сылышәшәан ҩымш асы сылажьын, сара инасҷыданы, даҽа хҩык исыцызгьы ахәрақәа ироуз ирыхҟьаны уаҟа ишьҭан, аҧшьымш раан ауп Тҟәарчал ахәышәтәырҭахь ҳаннарга.

— Шәеибашьратә гәыҧ аҟынтәи иахьа шаҟаҩы рыҧсы ҭоузеи?
— Ес­а­аира урҭ рхыҧхьаӡара маҷхоит. Еиҭ­асҳәарц сылшоит еиҭа даҽа хҭыск, ауаҩы илахьынҵа дахьнанаго оумашәа изныҧшуа. Амашьына «Урал» ала ҳгәыҧ алахәылацәеи ҳареи ҳашцоз, ҳа ҳтәқәа ракәыз џьаҳшьан ақырҭцәа ҳаргәылалеит, азасада ҳақәшәеит, убысҟан 19-ҩык ҳахьыҟаз хҩык ҳауп инхаз. Сашьа Беслан уи аҽны 17 хы иқәшәеит, аха Анцәа ибзоурала деиқәхеит, иара ус ӷәӷәала дышхәызгьы шьапыла дцон. Аӷа иҿагылара ҳалшеит. Усҟан ҳа ҳтәқәа рахьтә зыҧсы ҭаны инхазгьы сара сыда зегь хәын.
Убра ҳшыҟаз, саныҧшы сашьа Бесик аарлаҳәа даауеит, ишьаз акьырзатә магәқәа шьала иҭәын, ишьаҿа еихигацыҧхьаӡа ашьа иара иҿаҭәон, ҧшьаала дҳартәан им­агәқәа ишьаҳхит ирҭаз ашьа ка­ҳҭәеит, иара аарла ибжьы ааҭиган «смагәқәа шәмыршәын, нас исышьасҵои» - иҳәеит, имагәқәа адаҷ ала иҿаҳәаны ихәда ихаҳшьит. Тамшь еибашьуаз «Тамшьтәи агәыҧ» ҳахьӡын, ҳшан «Ашьоуцәа» ҳәа, уи ҳара ҳауп иахьӡызҵаз. Аибашьраан афатә ҟазҵозгьы рџьабаа ыҟоуп, аҭабиа зжуазгьы, амедицинатә цхыраара ҟазҵоз уҳәа рылша рацәоуп. Аибашьра ианалагаҵәҟьа ҳхәы ҟазҵодаз, исгәалашәоит аҧхьа ҩымчыбжьа амандарин, ахәырма, аҳаша-ҵәаша уҳәа ҳҿы инҭаҳаршәуан. Ҳхәы ҟазҵоз ракәзар ирылахысуан, афатә ахьыҟарҵоз азааигәара аҭабиақәа жны иҟан, рылахысра ианалагоз аҭабиа иҭалон, ҳәара аҭахума, араҟагьы агәымшәара ду аҭахын.
Аибашьра аҧсуа ҩнаҭақәа ирыҩналеит ҳаҧсадгьыли ҳаҧсшәеи ықәнагарц хықәкыс иаманы, аха уи нагӡашьа змамыз усын, абар ҳбираҟ лашаӡа, ҧшӡала шьардаамҭа ҳтәыла иахашәыршәырлааит. Еиҵагыло аҿар шәнапы злашәкуа зегьы рҿы аманшәалара шәыцыз, шәыҧсадгьыл ҧхьаҟа агаразы шәшьаҿақәа ирыцышәҵала, Анцәа аибашьра шәимырбааит», - ҳәа иажәа хиркәшеит сзыҿцәажәоз афырхаҵа.
Аамҭа кьаҿк иалагӡаны исаҳаз урҭ амш хьанҭақәа рҭоурых еиҳа иҵауланы аилкаара сылдыршеит. Схәыцрақәа нҵәара рықәмызт... Шаҟа ишәарҭоузеи идырны аҧсра азцара, шаҟа ицәгьоузеи аҩыза ицәыӡра, шаҟа игәыҭшьаагоузеи ан лылаӷырӡ анкаҭәо, шаҟа акраҵанакуазеи шә-цәқәырҧак иргәылсыз аибашьҩы иҿцәажәара...

Николь Ҳаџьымҧҳа,
ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me