Сентиабр 1 - адыррақәа рымш!

Ишдыру еиԥш, Сентиабр 1 азы ахәыҷқәа рыԥсшьаратә мзқәа рыхганы,ашкол ахь ицоит.
Сынтәа раԥхьаӡакәны Аԥсны Ахада Бадра Гәынба актәи акласс ахь зшьаҿа еихызгаз ахәыҷқәа ирзыҟаиҵеит аҳамҭа ду. Урҭ рышкол уадақәа ианырыҩнало, ирзыԥшызаауеит ашәыра ҿыцқәеи,аҵара иақәшәо ацхырааратә маҭәарқәеи. Ҳәарада,уи ҳамҭа дууп ахәыҷқәеи аҭаацәеи рзы.
Иара убас Аԥсны Ахада инапынҵала,хыԥхьаӡара рацәала акапиталтә усурақәа мҩаԥган Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рышколқәа рҿы.
Хаҭала Б.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ акы аҟны иԥсахуп аԥенџьырқәа, ирҿыцуп акласстә уадақәа.
Иахьа Сентиабр 1 азы Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рышколқәа зегьы рҟны иаатуеит адыррақәа ашәқәа.
Аԥсны аҵарадырра аминистр актәи лхаҭыԥуаҩ Хьыбла Шамба лажәақәа рыла сынтәа раԥхьаӡакәны актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 2 нызқь рҟынӡа инаӡоит.
  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me