Аусеицуразы Амеморандум

Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥилиа А.А.Тибилов ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет аректор Вадим Ҭедеев инаԥхьарала Аахыҵ-Уаԥстәыла дыҟан.

Лыҟазаара иалагӡаны анапы аҵаҩын «Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭеи Аахыҵ-Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу аусӡбарҭеи русеицуразы Амеморандум». Уи мҩаԥысит Цхинвал, иаанацҳауеит аинформациатә маҵзура Рес.

 Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥилиеи Аахыҵ-Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа ахантәаҩы Витали Џьиоеви. Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аахыҵ-Уаԥстәылан Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбақиев.

Амеморандум аҟны иарбоуп аусеицура ахырхарҭа хадақәа: аусеицуразы азинтә, аҭҵаарадырратә шьаҭа аԥҵара, аконституциатә зинусӡбара азҵаарақәа рганахьала аԥышәа аимдара, еицырзеиԥшу аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа рымҩаԥгара, апрограммақәеи апроектқәеи рынагӡара, иара убас атеориатә дыррақәа реимадара.

Адокумент иара убас иазԥхьагәанаҭоит аусӡбарҭақәа раппаратқәа русзуҩцәа ркфалификациа ашьҭыхра, аганқәа наҟ-ааҟ реилибакаара арҵаулара.

Аԥснытәи аделегациа далан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекономикеи азини Ринститут аиҳабы Фатима Камкиа.

Иара убас иалацәажәеит Аҟәа, 2024 шықәса ноиабр азы Аԥсны Аконституциатә Усӡбарҭеи Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара анапы зҵаҩыз амоморандум арбарақәа рынагӡара.

«Ари адокумент акырӡа зҵазкуа шьаҿоуп аешьаратә тәылақәа рыҩбагьы рыбжьара аиуристтә еимадарақәа рырӷәӷәаразы, азинтә усеицура арҵауларазы», – иазгәалҭеит Ԥилиа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me