«Усҟан смаҷын, аҽы акәадыр нақәҵа сынҽыжәлеит, маҷк исырҩырц сҭахын.
Саныхынҳәуаз игәасҭеит аҽырыҩра ахьхацсыркыз аҭыԥ аҿы аҭел еизаданы ибжьданы ишыҟаз. Уи сахҟьашазҭгьы сыцҟьа-шәҟьа сцон, аха кьысрак сымамкәа сынхеит, сызлакамҳаз сыздырам». Арҭ ацәаҳәақәа санрыԥхьа, ииашаҵәҟьаны, Владислав Арӡынба акаҳареи ашьацәхныслареи издырамызт иԥсҭазаара иалагӡаны, ԥхьаҟа ацара акәын иара цәаҩа хадас имаз ҳәа ахәыцрақәа сызцәырҵит.
Владислав Арӡынба иҳәалон: «Ҳҵеицәа шҭахоз дырны аԥсра иазнеиуан, аха шаҟа иуадаҩзи урҭ ранацәа рыблақәа рхыԥшылара». Шәазхәыц, шаҟантә абри аҩыза ахгара иқәшәахьаз иара! Иҭахоз зегьы дрыцҭахон аха иԥшаауан амчи-алшеи ԥхьаҟа ацаразы.
Владислав иӡбахә рҳәон, ирҳәоит, ирҳәалоит ҳаԥхьаҟагьы. Сара сзы уи ҳҭоурых ацәқәырԥақәа иргәылсыз, зыуаҩра ҳаракыз, зыжәлар рлахьынҵа злахьынҵаз уаҩын. Схы-сгәаҿы иааиуеит шаҟа иҳаракны ирыдыркыло ешыраа Владислав, Ешыра дахьалҵыз. Сара уи бзиаӡаны еилыскаауеит, избанзар сқыҭа Џьгьарда далҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Асеиԥш иҟоу ахаҭарақәа рыхьӡ-рыԥша ҳара еиҵагыло абиԥара ҿа бираҟҵас ишьҭыхны ԥхьаҟа иаҳгалароуп.
Мадина Амҷԥҳа,
афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
4-тәи акурс астудент