Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Ашәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист Борис Кәаҷаҷа-иԥа Қаџьиа диит 1951 ш. рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. Арасаӡыхьтәи аашықәсатәи ашкол дҭан, абжьаратә ҵара хиркәшеит Гәыԥтәи ашкол аҟны. 1970 ш. рзы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша.
Аусмҩаԥгатә ҩ-тәылак рҟынтәи аҿар еиднакылоит рԥышәа аимдареи, рзанааҭтә ҟазара аизырҳареи, акультурабжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи ирыцхраауеит.
Алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Аекономика иреиҳаӡоу ашкол», Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет, Оренбургтәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет, Уралтәи афедералтә университет. Ацәыргақәҵа иара убас иалахәуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет.
Аусмҩаԥгатә аԥсуа-адыга фестиваль «Риҵа арифмақәа» аҳәаа иҭагӡаны имҩаԥысит. Ашәҟәыҩҩцәеи, актиорцәеи, акультура аусзуҩцәеи еизеит зхатәы бызшәа аиқәырхара зыԥсҭазаара азызкыз ажәа азҟазацәа дуқәа ҩыџьа ргәаладыршәарц.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә иалагаанӡа Зарина Канукова-ашәҟәыҩҩы, ажурналист, агазеҭ «Горианка» аредактор хада, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ — апроект «Риҵа арифмақәа» далацәажәеит.
Ҳаԥсадгьыл аҟны ҳаԥшәымазарц, ҳажәлар еиқәҳархарц, ҳбызшәа ҳахьчарц азы, зегь раԥхьа инаргыланы ҳтәыла аҟны аԥсуа жәлар ҳрацәаҩхароуп. Аҿиара, азҳара ауп ҳәарада, аҳәынҭқарра ашьақәыргылара шьаҭас иамоу.
Алада Ешыра инхоз Хәымса Хәарцкьиеи Вера Гәынԥҳаи рԥа Мушьни диит хәажәкыра 27, 1955 шықәсазы. Аҵара иҵон Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратәи Ашьхарыуаа рышкол аҿы. Даара деилҟьан, аҵара бзианы иҵон, аиҩызара пату изақәын. Иара даныхәыҷыз инаркны иҩызцәа дрылукааун, абаҩхатәреи адырра абзиабареи, лымкаала иԥсадгьыл Аԥсны аҭоурых азҿлымҳареи рыла. Қәҿиарала ашкол даналга арратә маҵзура дахысуан, уи ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурых зинтә факультет. Иҵара даналга инаркны иԥсҭазаара археологиа иадиҳәалоит.
Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru
Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com
