Аҟәа ишьақәыргылоуп 13 595 ҳасаббаратә мыруга: 11 051 — аҩнеихагылақәа рҿы, 2 544 — ахатәы сектор аҿы.
Иара убасгьы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иԥсахуп иажәхьоу ацәаҳәақәа 0,4 кВ, ажәытә ацәаҳәақәа ҳаамҭазтәи СИП ала иԥсахуп.
Уи иалнаршеит аҳақәа рҿы ацәыӡқәеи закәаншьаҭада аҿакрақәа рхыԥхьаӡареи рырмаҷра.
Абонентцәа рзы иалагалоуп амобилтә хархәага, уаҟа ареалтә аамҭала афымцамч аныхреи абаланси рышьклаԥшра алшоит.
Уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гал араионқәа рҿы.

