АХҬЫСҚӘА

Ахара ихәыцуаз уаҩын

Алада Ешыра инхоз Хәымса Хәарцкьиеи Вера Гәынԥҳаи рԥа Мушьни диит хәажәкыра 27, 1955 шықәсазы. Аҵара иҵон Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи абжьаратәи Ашьхарыуаа рышкол аҿы. Даара деилҟьан, аҵара бзианы иҵон, аиҩызара пату изақәын. Иара даныхәыҷыз инаркны иҩызцәа дрылукааун, абаҩхатәреи адырра абзиабареи, лымкаала  иԥсадгьыл Аԥсны аҭоурых  азҿлымҳареи  рыла. Қәҿиарала ашкол даналга арратә маҵзура  дахысуан, уи ашьҭахь дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурых зинтә факультет. Иҵара даналга инаркны  иԥсҭазаара археологиа иадиҳәалоит.

1983 шықәса  Мушьни Хәарцкиа  Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи аҿы анаукатә усзуҩыс аусура далагоит. Иара инаукатә усура Кавказ ижәытәӡатәиу аҭоурых иазкын. Археологиатә експедициақәа иԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иҟалеит,   еиуеиԥшым  Аԥсны араионқәа рҟны иҭиҵаауан  ижәытәӡатәиу абаҟақәа. Акырынт́ә Кавказ археологиатә експедициа дуқәа реилазаараҿы аус иухьан. 

1987 шықә́са инаркны  Мушьни Хәарцкиа  Асовет Еидгыла анаукақәа  Ракадемиа археологиа  аинститут Ленинградтәи аҟәша аспирантураҿы аҵара иҵон. Иара идиссертациатә усумҭа «Аҩадатәи Аԥсны Аладатәи апалеолит» (Нижни полиалит Севернои Абхазии) ахьӡын. Инаукатә биографиаҿы иҷыдоу  аҭыԥ ааннакылоит  Мачагәа – Хәаԥ ақыҭа ааигәара иҟоу абаҟа. Иарбоу  аҳаԥы аҭҵаара археолог қәыԥш иусураҿы акрызҵазкуа хырхарҭаны иҟалеит. Аҳаԥы  «Мачагәа» аҭҵаара аматериалқәа рыла  1987 шықәсазы  Мушьни астатиа иҩит. Уи, анаҩс усҟантәи  аамҭазы  Асовет Еидгыла аҿы зегь реиҳа  еицырдыруаз археологиатә журналқәа

 «Советсакиа археологиа» аҿы икьыԥхьын. Аҭҵааҩы иазҿлымҳарақәа археологиа  аҳәаақәа акырӡа ирхысуан. Уи иҭиҵаауан Кавказ ажәларқәа  ркультура, ретнологиа, рфольклор, рфилософиеи  рдинхаҵарақәеи.  Адыррақәа разырҳара  уи иҟазшьа  ҷыдақәа иреиуан. ́

1980 ашықәсққәа рынҵәамҭазы Мушьни Хәарцкиа иԥсҭазаара аҽаԥсахуа иалагеит. Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа, ауаажәларратә-политикатәи ԥсҭазаара еиҳа-еиҳа даларгалон. 1989 шықәса инаркны  Мушьни Хәарцкиа  Аԥсны  амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара  активла ихы алаирхәуан, уи аамҭа илахьынҵа акыр иаԥсахит, Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» далалеит. 

Аԥхын 1992 шықәса рзы Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагыла Мушьни ауаажәларратә усура аҟынтәи аибашьрахь ииасра иаалырҟьаны иҟалаз хҭысны акәымкәан, иара уаанӡатәи ашықәсқәа рзы дызнысыз амҩа иацҵараны иҟалеит. Бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара раԥхьатәи амшқәа инадыркны Мушьни Хәарцкиа афронт аԥхьатәи ацәаҳәаҟны  дыҟан. Нанҳәамза 14, 1992 шық́әсазы иара далахәын Аҟәа ақалақь Ацҳа Ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз аиҿагылара. Иаарласны иара идырҵеит, акомандаҟаҵара, Гәымсҭатәи ахыхьчаратә цәаҳәаҟны.

«Мушьни ахара ихәыцуаз уаҩын, иԥсадгьыл даара бзиа ибон, ицеибашьуаз иҩызцәа дрыхӡыӡаауан, машә́ыр рыхьыр ҳә́а дшәон,  урҭ рыхьчаразы  еснагь раԥхьа дгылан, ихы  деигӡомызт. Иԥсҭазаара зегьы гыӷрала иҭәын, аиааира ҳара ишаҳгозгьы агәра игон. Ауаҩы игәы анеиҭаԥоз аамҭа ҳҭагылан, анаџьалбеит ҳзаиааирыма, ҳаԥсадгьыл ахы иаҳзақәиҭт́әрыма ҳәа ҳагәқәа  анеиҭаԥозгьы  ыҟан, аха иара данҳаҿцәажәалак, аиааира ҳгазшәа  ҳҟалон. Мушьни  актәи амшқәа рзы илиршаз даара акраҵанакуеит ҳҭоурых аҿы, иара ихшыҩи, ицыз иҩызцәеи  рымчала ампыҵахалаҩцәа  ԥхьаҟацара рылдмыршеит, иааныркылеит», – игәалаиршәон, иара аԥхьатәи амшқәа инадыркны ицеибашьуаз иҩыза Беслан.

Ирацәоуп  Мушьни ихаҵареи игәымшәареи аазырԥшуа афактқәа игәалаиршәон иҩыза Баҭал Кобахиа: «Ԥсабарала иуаҩ ҟәыӷаз, амцхә ацәажәара бзиа изымбоз уаҩын Мушьни. Ҳхәыҷра  шықәсқәа зегьы  еицаҳхаҳгеит, ианҳазҳа, ашкол ҳаналга ҳаицҭалеит Аԥснытәи  аҳәынҭқарратә  университет. Археологиаҿы аусура  ҳаицалагеит, аха  сара  нас ииазгеит латәарадатәи аҟәшахьы, уахьынтәи арра сцеит,  арратә уалԥшьа  нагӡаны  саныгьежь аамҭақәак рышьҭахь  акаҳуажәра ҳәа аԥшаҳәаҿы  сахьцәырҵыз дызбеит Мушьни. Акыраамҭа  ҳаицәажәон, адырҩаҽны ҳаицны аԥшаарақәа (раскопки) рахь ҳаиццеит. Абасала  ҳаицалагеит аусура.

Мышкы ыҟамызт ҳанеицымыз, аԥхын  еиҳарак аус ҳуан, аӡынра  ҳаԥсы ҳшьон. Ҳхы ҳанақәиҭыз аамҭақәа рзы  ҳаицны  ҳцон  Москва, Петербург еиуеиԥшым  ацәыргақәҵақәа рахь. Абас ҳшыҟаз аибашьра  ҳахҭыгәлеит. Аԥхьатәи амшқәа рзы, «Ацҳа  Ҟаԥшь» аҟны зегь раԥхьа избаз иреиуоуп Мушьни Хәарцкьиеи Адгәыр Инал-иԥеи. Абас иалагеит аибашьра  Мушьни изы, ҳаргьы иааигәара ҳаҟан. Раԥхьат́әи  иара иеибашьра  иалагеит Мраҭашәаратәи афронт аҟны, ашьҭахьы иеибашьцәеи иареи дәықәҵан  Мрагыларатәи афронт ахь. Еиқәҳаршәаз аџьаԥҳаны агаразы. Саргьы исҭахын Тҟәарчалҟа  аԥырра, амедицина аиҿкаара, аха усҟан еиҳа ихадаз аџьаԥҳаны  акәын Мрагыларатәи афронт азы, сара саанхеит, аџьаԥҳаны ҳашьҭит», –иҳәеит Баҭал. 

Есҽны аибашьра алакҭа иш­ҭаԥшуазгьы гәкаҳарак ҟам­ҵаӡакәан ижәылон. Изны­кымкәа иҩызцәа иреиҳәалон абџьарқәа иҭҟьо рыбжьы шәацәымшәалан ҳәа. Убриала ргәы шьҭихуан, рыгәқәа ирӷәӷәон. Даргьы иара игәра ргон, ԥсра зқәым аӡ́ә иакәны дрыԥхьаӡон. Даара  згәашьамх ӷәӷәаз Мушьни илиршахьан  3-танки 2-БМП-и рҭархара. Аибашьра аамҭа  еилашуан, ахы иақәиҭтәын Лашькьындар ақыҭа, афырхаҵа ишиҷыдаҟазшьаз джәылеит ԥхьаҟа. Убри акәхеит ампыҵахалаҩ иҭирҟьаз ахы дзацәымцеит Мушьни, дҭахеит хаҵарыла, ԥхынҷкәынмза 6, 1993 шықәсазы,  Усҟан иара ихыҵуан 37 шықәса. Данҭаха ашьҭахь ихҵан  «Аԥсны  Афырхаҵа» ҳ́әа ахьӡ ҳаракы. Иара анышә  дамадоуп Гә́доуҭа араион Лыхны  ақыҭа. Ихьӡ  Аԥсны  аҭоурых иузаҟымҭхо иадҳәалоуп. 

Мушьни Хәарцкиа иҭахара Аԥсны археологиазы цәыӡ дуӡӡаны иҟалеит, уи иҭҵаарақәа  аекспедициақәа рҿы еизигахьаз аматериалқәа Кавказ апалеолит аҭҵаараҿы акрызҵазкуа акәны иаанхоит. 

Аамҭа цоит, Аԥсны ԥшӡа ахы иақәиҭуп, аха иаанхоит агәалашәарақәа, ԥсыуак дыҟанаҵы хашҭра рықәны залшом Мушьни иеиԥш иҟаз афырхацәа, урҭ наунагӡа аҭоурых иазынхоит.

Марҭа Гәарамиа

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image